Ухы аасҭагьы аҽы бзиа ианубо: аҽыуаҩ Аџыр Џьынџьал иҭоурых

Аҽыуаҩ Аџыр Џьынџьал иҭоурых иԥҳа Наҭелла лҟынтә ианылҵеит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аҽықәтәара, аҽыбӷаҟазара аԥсуаа рҟны еснагь аларҵәара аман. Соуп зҳәоз ахаҵа аҽы бзиа имазар акәын. Уи аҽы раӡныла иҩычаз акәадыр ақәын, раӡныла иҩычаз аҟәынақәа аҟәнын. Убас акәын иҽы шыҟаз Аџыр Џьынџьал ҳәа еиҭалҳәоит уи иԥҳа Наҭелла Џьынџьал.

"Уи аҽқәа рзыҳәаны ахәы хазы иааирыхуан, абри амахәыда – аӡынра иҭакны имааӡози – амахәыда аҿаиҵон, адәы иқәиҵаӡомызт саб аҽы. Уи ахцәқәа ԥаны, араӡын мацараха, аӷәреи акәадыри злеибыҭаз раӡын мацаралакәын ишыҟаз. Ачарақәа рҟны ҽыла аҭаца лҟны амардуан дхалон", – ҳәа абас, аҽы ауаҩы ишьа алоуп ҳәа шырҳәо еиԥшҵәҟьа, ауаҩы еиԥш иҽгьы дазыҟан, ианԥсгьы ауаҩы данԥслак еиԥш, анышә ԥҟаны иаҳжит ҳәа илгәалалыршәоит лара.

Ухы аасҭагьы аҽы бзиа ианубо: аҽыуаҩ Аџыр Џьынџьал иҭоурых

Аԥсны аҭоурых иадыруеит аибашьҩы иҽыи иареи анеиваржуаз, уи атәы шаҳаҭра руеит археологиатә ԥшаарақәа. Убас Аџыр инышәынҭрагьы иҽы азааигәароуп иахьыҟоу. Иара иҽы аԥсра зыхҟьаз ҳәа уи иԥҳа еиҭалҳәо уи алаԥш ӷәӷәа иакит ҳәа ауп, иҟарҵалакгьы уаҳа акы замыхәо алаԥш иканажьит.

Аамҭақәа зегьы ирзыхиоу: Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал лнапы шлыцааиуа

"Дааит Тҟәарчал, ҳа ҳахь дааит саб рыцҳа, ашьшьыҳәа ҳтәоуп ашҭаҟны... Абри аҽы еилагеит, ашьҭахь ицеит, аԥхьа иааит, ихагахеит, иныҟәеит, абарҵа иҵалеит, абас иааҳәуа, идыно, ихагахеит аҽы. Деилагеит саб рыцҳа. Нас ас ианыҟала аҽы, аҳақьым ҳҳәеит, алаԥш азыркыз ашәҟәы ҳҳәеит, анахь ҳҳәеит, арахь ҳҳәеит, аха акагьы амыхәаӡеит, рыцҳа, ус иԥсит. Абри аныԥсы ауаҩы дыԥсны машьынала дшырго еиԥш, абас амашьына иақәҵаны аҩныҟа иргеит Бедиаҟа. Аҩны иахьнаргаз, абри ауаҩы даныржуа еиԥш, абас анышә ԥҟаны абас иарҭеит. Уи ашьҭахь жәаба-жәохә шықәса рышьҭахь дыԥсит. Саб даныԥсы, абас ԥхыӡ избеит: абри аҽы дақәтәоуп саб, иԥсуа маҭәақәа ишәҵаны, нас иара иԥсуа маҭәақәа, ихҭырԥа ишәҵаны даҳжит, аха ихҭырԥа ивамзи даныржуаз, абри аҽы аҟны, убыс ԥхыӡ избеит абри ихҭырԥа ихаҵаны акәымкәа, иқәыршәны, абас иҽы дақәтәаны. Нас акы ыҟам умҳәароуп, абри абас амшҩынҩажәа ҵаанӡа избеит. Абри аҽы аҩны ашьҭахь абас иахьжыз убри азааигәароуп иаргьы дахьжу", – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Наҭелла Џьынџьал.

Ухы аасҭагьы аҽы бзиа ианубо: аҽыуаҩ Аџыр Џьынџьал иҭоурых

Аџыр аҷкәын димаӡамызт, ҩыџьа аԥҳацәа роуп ихылҵыз. Иара иԥсҭазаара далҵит 1982 шықәсазы, 85 шықәса данырҭагылаз. Иҽы акәадыри, аҟәынақәеи, иуапеи иара аҷкәын дышимамыз ала, иашьа Мышә иҷкәынцәа ҩыџьа ҳамҭас ириҭахьан. Иара убасҵәҟьа раӡынла ихҟьаз иҟамеи имаҟеи Аџыр имоҭа еиҳабы изынижьит.

Ухы аасҭагьы аҽы бзиа ианубо: аҽыуаҩ Аџыр Џьынџьал иҭоурых

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: