Ацәаҳәеилаԥсатә бзиабара: Лыхны ақыҭа анхаҩы икарпыжәқәа раарыхырҭаҿы

Лыхны ақыҭа Аџьамҽыӷра аҳаблаҟны инхо, 72 шықәса ирҭагылоу Константин Џьуӷьелиа акыршықәса инеиԥанкыланы акарпыжә ааирыхуеит, уажәааны иҽаҩра аҭирахь инеигоит.
Sputnik

Уажәааны акарпыжә аҽаҩра аҭагалара иаамҭоуп. Иҟалоу иҟаламу убар ауеит аԥшшәала, ацәа акьакьарала, ахәҵәы аҭагылазаашьала иҳәоит 50 шықәса иреиҳаны акарпыжә аазрыхуа Лыхнытәи анхаҩы Константин Џьуӷьелиа.