Арадио

Емырхәба Гал аԥхынтәи акинотеатр аартразы: аҿар еидызкыло акәны иҟалеит

Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Емырхәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы аҿар рзы еиҿкаахаз аԥхынтәи акинотеатр атәы.
Sputnik
Емырхәба Гал аԥхынтәи акинотеатр аартразы: аҿар еидызкыло акәны иҟалеит

"Актәи амчыбжь азы араион ахада акадрқәа рызҵаара рыӡбон, иаҳҭахуп иманшәалоу аҭагылазаашьа аԥҵара ажәар рҭахрақәа инарықәыршәаны. Уажәы аҿар рзы ақалақь аҿы аԥхынтәи акинотеатр аартхеит. Уа иҟоуп хәыда-ԥсада аинтернет, аҿар рзы ари хҭыс бзиахеит. Раԥхьатәи амшқәа рзы ирацәаҩын уи иахәыԥшырц инеиз. Уа иддырбоит амультфильмқәеи акинофильмқәеи. Иара есыҽны аус аулоит, амала амш бзиазар", - ҳәа еиҭеиҳәеит Емырхәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: