Хра злоу ахҭысқәа: Ҟаитан Гал араион аҭоурыхтә баҟақәа рыҭҵаара иазкны
"Сара еснагь исҭахын Самырзаҟан аҭоурых аганахьала аҭҵаара. Аибашьра ашьҭахь уа аҭҵааратә усурақәа зынӡаск имҩаԥысуамызт, ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа иахҟьаны. Аҿар ҳааидгылан, Гал араион ахадара рыцхыраарала, абаҟақәа зегьы рбара ҳалшеит. Ааигәа инхоз ауаа ҳрыҿцәажәон, абаҟақәа рҭоурых еилаҳкаауан, аматериал бзиа еизаҳгеит. Гал араион абаҟақәа зегьы ҿыц иҭҵаауп, ахсаалахь ииагоуп. Иара атуристцәа, мамзаргьы, зхала аныҟәара бзиа избо рзы даара ихәарҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҟаитан.