АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Аԥснытәи аган урыстәылатәи рколлегацәа алархәны иҭырҵаауеит ҳтәылахь афымцалашара аашьҭра азҵаара, Егры ГЕС аусура анаанкылахо аамҭазы адагьы, ҳазҭоу ашықәс абҵарамза нахысгьы ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аекономика аминистрра асаит.
Логәуа уаанӡагьы иазгәеиҭахьан "Амшынеиқәафымцамч" аҟны иҟарҵо азԥхьагәаҭақәа рыла Аԥсны анҭыҵынтә афымцамч аиура аҭахны иҟалоит абҵарамзазы ҳәа, избан акәзар Егры ГЕС иарҿио афымцамч аҟынтә 40% инаӡо ҳара ҳахәҭаа убри аамҭазы инаҳхуеит.
Аҩашаҽны, нанҳәа 18 рзы урыстәылатәи аспециалистцәа рделегациеи, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани, АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуеи Егры ГЕС иаҭааит ари акомплекс иатәу аобиектқәа рҭагылазаашьа рбарц.
Астанциаҿы аремонт цонаҵы, 2021 шықәса жәабранмза инаркны лаҵарамзанӡа ҳтәыла фымцамчыла аиқәыршәара азҵаара аус адуларақәа цоит уажәы аҩтәылак рыбжьара.
Аҭҵаарақәеи агәаҭарақәеи зегь рышьҭахь урыстәылатәи аделегациа иазнархиоит Урыстәылантә афымцамч аашьҭра иазку атехникатә схемақәа рыҟаҵаразы абжьгарақәа.
ЗҲәА "Егры ГЕС" адиректор Леван Мебониа иазгәеиҭеит, арегламент ишаҳәо ала, астанциа ес-хәышықәса иаанкыланы игәаҭалатәуп, аремонт аҭахны иҟазаргьы, иҟаҵалатәуп ҳәа. Аҵыхәтәантәи аремонт ара иҟаҵан 2006 шықәсазы.
Нанҳәа 11 рзы Аԥсны аенергетикатә система аҭагылазаашьа аҭҵааразы ҳтәыла иаҭааит урыстәылатәи аделегациа, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла аенергетика аминистр Александр Новаки реицәажәара шыҟаз инақәыршәаны.
Аделегациа иалахәуп АО "Техническая инспекция ЕЭС" аекспертцәеи ПАО "Россети" атехникатә хылаԥшра ацентр аспециалистцәеи.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны Урыстәылантә афымцамч аиуразы азыҳәа ҟанаҵеит