Арадио

Ԥачлиаԥҳа аԥҟара ҿыц ала атәанчахәы азшәаразы: есымша ус ишԥацари, ириашахозар акәхап

Аҵәахырҭатә банк Тҟәарчалтәи аҟәша аиҳабы Нанули Ԥачлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит атәанчаҩцәа аԥара рызшәара шеиҿкаау.
Sputnik
Ԥачлиаԥҳа аԥҟара ҿыц ала атәанчахәы азшәаразы: есымша ус ишԥацари, ириашахозар акәхап

Аԥсны аҵәахырҭатә банк урыстәылатәи атәанчахәқәа ршәара аграфик шьақәнаргылеит абанкқәа рҟны, атәанчаҩцәа аҵыхәтәантәи рышәҟәҭагалара инаркны закәаншьаҭада 17 миллион аԥара ахьшәаз инамаданы. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Георги Абыхәба уи аԥхьа адырра ҟаиҵахьан алагала ҿыц азы шеицырыӡбаз Урыстәыла Атәанчахәытә фонди Аԥсны асоциалтә еиқәыршәара аминистрреи.

"Амза 6 рынахыс иаанкылоуп атәанчаҩцәа рԥараиура абанкомат аҟны. Иҳауз ашәҟәы инақәыршәаны атәанчаҩцәа ԥшь-гәыԥк рыла ишоуп… Арҭ амшқәа рзы иахьымӡаз ааира ианырҭаху иргар рылшоит, рԥара роуеит. Агәаран ыҟаӡам. Ауадаҩрақәа зыдҳәалоу - зхаҭа изымаауа ачымазаҩцәа ыҟоуп. Ҳҿаԥхьа ақалақь ахадара ыҟоуп, уаҟа агәраргагатә шәҟәқәа ҟарҵар рылшоит. Ачымазцәа ыҟоуп, 80 шықәса ирҭысхьоу ирцәыуадаҩуп аара. Анотариалтә гәраргагатә шәҟәы азы аԥҟара ҳацныҟәароуп, иҟаҳҵагәышьари?! Аԥсуа тәанчахәы уи аграфик иаҵанакӡом, хәыҷык ауадаҩрақәа ыҟоуп аҭаларазы, ишыҟалалак, иааины иргар рылшоит. Нанҳәа мзазы макьана иҟаӡам аԥсуа тәанчахәы", - лҳәеит Ԥачлиаԥҳа.

Ԥачлиаԥҳа лажәақәа рыла, аурыс тәанчахәы зауа араион аҟны 1600-ҩык рҟынӡа ыҟоуп, аԥсуа тәанчахәы зауа 3 нызқьҩык инарыцны иҟоуп. Арҭ амшқәа рзы бжьаратәла 100–ҩык рҟынӡа атәанчахәы рырҭоит.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: