Аҵәахырҭатә банк урыстәылатәи атәанчахәқәа ршәара аграфик шьақәнаргылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСбербанк Абхазии
Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәамза инаркны Аԥсны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәқәа ареспублика абанкоматқәа рҟынтәи роура залшом.

АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҵәахырҭатә банк урыстәылатәи атәанчахәқәа ршәара аграфик шьақәнаргылеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Георги Абыхәба.

"Аԥсны аҵәахырҭатә банк есымза атәанчахәқәа ршәара аграфик шьақәнаргылалоит. Уи зыхҟьо, есымза аԥсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи еиуеиԥшым. Уажәы нанҳәатәи аграфик шьақәҳаргылоит. Ҳахәаԥшуеит ԥхьаҟатәи аусурақәа шцо", - иҳәеит иара.
Аграфик аус адулоуп атәанчаҩҩцәа рықәра иахьырԥшны ҳәа иҳәеит Георги Абыхәба.

"Нанҳәа 17 рзы атәанчахәы роуеит 1940 шықәса рзынӡа ииз, нанҳәа 20 рзы - 1947 шықәса рзынӡа ииз, нанҳәа 24 рзы ииз -  1953 шықәса рзынӡа ииз, цәыббра 2 рзы егьырҭ иаанхаз атәанчаҩцәа зегьы", - ҳәа иҳәеит иара.

Сотрудница почтового отделения в Симферополе во время выдачи пенсии - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа тәанчахәы ашәара нанҳәамза аиҩшамҭанӡа имҩаԥыслоит

Абыхәба ишиҳәаз ала, атәанчаҩцәа реиҳараҩык Аҵәахырҭатә банк рымаҵ ауеит. Аха иҟоуп егьырҭ акоммерциатә банкқәа рҿы изауагьы. Атәанчаҩы акоммерциатә банк аҿы аԥхьаӡарҭа ааиртуазар, уи аӡәгьы даԥырхагам.

"Атәанчаҩы акоммерциатә банк аҿы аԥхьаӡарҭа ааиртуазар уи  аӡәгьы даԥырхагам. Уи азы иара ҳара ҳахь дааины аҽа банкк ахь итәанчахәы ииаигар шиҭаху азы арзаҳал иҩуеит, акоммерциатә банк ареквизитқәа арбаны", ҳәа иҳәеит Абыхәба.

Георги Абыхәба иҳәеит алагала ҿыц азы аӡбра шеицрыдыркылаз Урыстәыла Атәанчахәытә фонди Аԥсны асоциалтә еиқәыршәара аминистрреи.

"Нанҳәамза инаркны абанкоматқәа аркхоит, атәанчаҩцәа атәанчахәы анроуа ртәылауаҩшәҟә рымазароуп. Акассақәа аус руеит асааҭ 9:30- 16:30 рзы. Атәанчаҩы мзызқәак ирхырҟьаны ихаҭа абанк ахь дзымнеиуазар, анотариус ишьақәирӷәӷәо агәраргага азирхиароуп", - иҳәеит иара.

Ԥхынгәы 30 рзы Аԥсны асоциалтә еиқәыршәара аминистр Руслан Аџьба ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит  атәанчахәқәа абанктә ԥарахсаалагақәа рахь рынашьҭра изаҟәыҵыз.

"Есышықәса атәанчаҩцәа ашәҟәы рҭагалара мҩаԥаагоит, аха иҟалоит ашәҟәҭагаларақәа рыбжьара ауаҩы даныԥсуа. Ури аан иҭаацәа атәанчахәы ргоит уи шзакәанымгьы. Ареспублика ауал ақәлоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Аҵыхәтәантәи ашәҟәҭагалара инаркны закәаншьаҭада 17 миллион мааҭ шәан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0