Бжьаниа: Аинвестпрограмма аобиектқәа рпроектқәа рҿы агхақәа рзы иахьырхәлатәуп

Аҳәынҭқарра ахадеи аиҳабыреи реилатәараҟны аекономика аминистр Кристина Озган еиҭалҳәеит 2017-2019 шықәсазтәи Аинвестпрограмма аобиектқәа рыҭҵаара ашьҭахь ишеилкаахаз урҭ рпроектқәа рыҟаҵараан агхақәа шыҟаз.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 20 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аилатәараҟны ирыдигалеит Аинвестпрограмма аобиектқәа рыла апроект-сметатә документқәа реиқәыршәараан агхақәа рзы иахьдырхәларц.

Амҩақәеи афымцалашареи: 2020 шықәсазтәи Аинвестициатә проектқәа

Аҳәынҭқарра ахадеи аиҳабыреи реилатәараҟны аекономика аминистр Кристина Озган еиҭалҳәеит 2017-2019 шықәсазтәи Аинвестпрограмма аобиектқәа рыҭҵаара ашьҭахь ишеилкаахаз урҭ рпроектқәа рыҟаҵараан агхақәа шыҟаз.

"2017-2019 шықәсазтәи Аинвестпрограмма аобиектқәа рыҭҵаара мҩаԥаагеит. Ихыркәшаз аобиектқәа гәаҳҭеит, убри ахыԥхьаӡараҿы Гагратәи абжьаратә школ №1, Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №7. Апроектқәа рыҟаҵараан атехникатә дҵа етап аҿы ирыхьыз агха иахҟьаны аматериал-техникатә еиқәыршәара азԥхьагәарымҭеит", – лҳәеит Озган, иагьацылҵеит уи агха ариашаразы аҳәынҭқарра 15 миллион мааҭ ақәнарӡыр шакәхо.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит убас агха ҟазҵо анагӡаҩцәа рахьырхәразы иақәнагоу ажәалагалақәа реиқәыршәара шаҭаху.

"Апроектқәа реиқәыршәараан аҭакԥхықәра зду дарбан? Уи ихәҭоу ахара идҵатәуп. Зус ҽеины иназмыгӡо аҳәынҭқарра ишахьнархәыша иазку ажәалагалақәа еиқәыршәаны исзаажәга. Изахьӡуи апроект аиқәыршәараан агха аҟаҵара? Уи иаанаго аԥара иахьақәнагамыз џьара ицеит ауп. Ҳаԥхьаҟа абас еиҭа иҟамларц азы иахәҭоу ашьаҿақәа иахьа иҟаҳҵароуп. Нормативтә актк ҳадаҳкылоу, мамзаргьы Ашьаустә закәанеидкыла аиҭакрақәа алаҳгалоу убас ак ҟаҳҵароуп", – иҳәеит Бжьаниа.

Кристина Озган иазгәалҭеит административтә хараԥса ақәҵара ари апроблема аӡҩашьақәа руак аҳасабала ахархәара аиур ҟалоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: