Арадио

Цыгәба еиҭеиҳәеит Цандрыԥшь аҳаблаҿы аԥсшьаҩцәа рыҟамзаара шырныԥшыз

Гагра араион Цандрыԥшь аҳабла ахада ихаҭыԥуаҩ Нали Цыгәба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит сынтәа аҳаблаҿы зыԥсы зшьо аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара шмаҷу.
Sputnik
Цыгәба еиҭеиҳәеит Цандрыԥшь аҳаблаҿы аԥсшьаҩцәа рыҟамзаара шырныԥшыз

"Аҳаблаҿы иҳамоуп аԥсшьарҭатә ҩны "Ԥсоу" ҳәа изышьҭоу, иара акыр ахыҵуеит, аха иахьа уажәраанӡагьы аус ауеит. Зыԥсы зшьо ыҟоуп, аха даара имаҷҩуп. Аҳәынҭқарратә ҩны ҳәа абри ак ауп иҟоу, егьыс ахатәқәа ыҟоуп имаҷымкәа, аха урҭ рҿгьы ҳахьрылсуа иаабоит даара иахьмаҷу аԥсшьаҩцәа. Аԥсашьртаҭә ҩны "Ԥсоу" 12 миллион инарзынаԥшуа ашәахтә аланагалон ҳхадарахь, аха сынтәатәи аҭагылазаашьа злаҟоу ала уи шәашьас иамоу рыздырам. Комиссиак аԥҵаны абарҭ ирыԥсыхәоу еилкаашьак аҭатәуп, макьана азҵааракәа рыӡбашьас иамоу еилкааны иҳамам. Ҳара иаҳныԥшит анҭыҵынтәи ахәҳахәҭра аҟамзаара, уи ахадарахь иаланагалон ашәахтә, аха ус еиԥш сынтәа хҩык роуп еиҿызкааз, абжьааԥны урҭ рхыԥхьаӡара 100-ҩык рҟынӡа ианынаӡоз ыҟан", - ҳәа еиҭеиҳәеит Цыгәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: