Украина атәылауаҩ илтәым ашәҟәала Аԥсны аҳәаа дахысырц даҿын

Азинеилагаҩ даанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" автомашьынақәа рахысырҭаҿы ашьаҟауаа рзы илху ацәаҳәа дшықәсуаз.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. 1984 шықәсазы ииз Украина атәылауаҩ Урыстәылантә Аԥсны дҭаларц ақәылкит лара илтәым атәылауаҩшәҟәала, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә аҟны иҟоу аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Аҳәаахьчаратә усбарҭа ашьауӷа хацнаркит изакәантәымкәа Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра аҽазышәара аҵаҵӷәала.

Аацҳамҭаҿы иазгәаҭоуп азинеилагаҩ даанкылоуп ҳәа, лара уажәы аамҭалатәи аҭакырҭаҿы дыҟоуп.

Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәантәымкәа ахысра аҽазышәаразы ҩышықәса лхақәиҭра далхәдаатәхар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: