Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҟны дааныркалеит Урыстәыла изышьҭаз ауаҩы

© SputnikКПП Псоу
КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса иаалагазар 60-ҩык инарзынаԥшуа афедералтә шьҭазаара змоу ахаҿқәа аҳәынҭқарратә ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы иаанкылоуп.

АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Анапхыцәгьаразы Урыстәыла изышьҭаз ауаҩы Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҟны дааныркылеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ, Краснодартәи атәылаҿацә аҿтәи аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

1983 шықәса рзы ииз ахаҵа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа диасуан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы данааныркылоз.

Иаанкылоу иԥшаара аԥшьгаҩцәа дрыҭоуп.

Рашәарамзазы Урыстәыла АШәМ, Краснодартәи атәылаҿацә аҿтәи аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа иааныркылеит ашьҭазаара змаз Урыстәыла атәылауаа ҩыџьа.

2020 шықәса иаалагазар 60-ҩык инарзынаԥшуа афедералтә шьҭазаара змоу ахаҿқәа аҳәынҭқарратә ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы иаанкылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0