АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳазалхратә ҳәаала ЕгрыГЕС аремонт аҟаҵараан иаҭаххо атауарқәа риагараҟны иаҭаххо ацхыраара ҟанаҵоит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Аԥшьаша, нанҳәа 20 рзы Гал аҳазалхратә усбарҭаҿы Аҳазалкхратә еилакы ахантәаҩи, ИАЕ "ЕгрыГЕС" адиректор хадеи, АУН "Амшынеиқәафымцамчи" Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи рхаҭарнакцәеи, Аҳәаахьчаратә усбарҭеи, аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩи русутә еиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылараан иалацәажәан ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҟны аремонт аныҟарҵо аамҭазы аусбарҭақәа русушьа арежим.
Уаанӡа адырра ҟарҵахьан Аԥсни Урыстәылеи 2021 шықәса жәабран-лаҵара амзақәа ирыбжьаркуа аамҭазы ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҟны аремонт аҟаҵараан атәылахь афымцалашара аашьҭра азҵаарақәа ишрылацәажәо.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Урыстәылатәи аекспертцәа Аԥсны аенергетикатә система ҭырҵаауеит
Аԥсны абҵарамза нахыс Урыстәылантә афымцамч аиуразы иҟоу алшарақәа ҭырҵаауеит