Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵарашықәс ианаамҭоу иалагоит

2019-2020-тәи аҵарашықәс азы Урыстәыла аҵара рҵон хышә нызқьҩык инареиҳаны аҳәаанырцәтәи астудентцәа, урҭ зегьы адистанциатә ҵара аформат ахь ииасыр акәхеит акоронавирус апандемиа иахҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵарашықәс анахара ргәы иҭам ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵареи рминистрра.

ААУ ахь ԥышәарада абитуриентцәа рыдыркылеит

Убри аан иазгәаҭоуп анаҩс ирыдыркыло аӡбамҭақәа Урыстәылатәи Афедерациа субиектцыԥхьаӡа ишьақәгыло аепидемиологиатә ҭагылазашьа иаҿырԥшхоит ҳәа.

Аҳәаанырцәтәи астудентцәа аӡәырҩы ртәылақәа рахь ихынҳәыр акәхеит акоронавирус апандемиа иахҟьаны.

Иахьатәи аамҭазы Урыстәылаҟа ихынҳәыр рылшоит абарҭ атәылақәа ртәылауаа:

  • Аԥсны,
  • Ҭырқәтәыла,
  • Британиа ду,
  • Танзаниа,
  • Швеицариа,
  • иара убас хыхь еиқәыԥхьаӡоу атәылақәа рҿы анхара азин змоу ауаа.

Урыстәылаҟа ихынҳәуа астудентцәа рҵарахьы инеир рылшоит Роспотребнадзор абжьгарақәа зегьы анынарыгӡалак ашьҭахь. Дара ҩымчыбжьа акарантин иахысроуп, уи ашьҭахь акоронавирус амазааразы атест арҭароуп.

Аҵара алагара иахьӡаны изымаауа аҳәаанырцәтәи астудентцәа рзы Урыстәыла аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵареи рминистрра урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа алархәны еиуеиԥшым аҵаратә форматқәа аус рыдырулоит. Урҭ ируакуп арҵаратә программа адистанциатә формат ала агәынкылара, аԥкырақәа зегьы ахырхаанӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: