Аҟазара ыӡуам: 20 шықәса рышьҭахь амузыка иазыхынҳәыз Геннади Дбар иҭоурых

Зхәыҷаахыс амузыка иазҟазаз, анаҩс уи занааҭс ишьҭызхыз Геннади Дбар ԥшьышықәса раԥхьа ари ахырхарҭала рҵаҩыс аусура далагеит. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны иааирԥшыз алҵшәақәа Саида Жьиԥҳа ланҵамҭаҿы.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Геннади Дбар бжьышықәса анихыҵуаз, аҟыбаҩ ҷыда змаз 25-ҩык Аԥснытәи ахәыҷқәа, Москва, Гнесинаа рыхьӡ зху амузыкатә ҵараиурҭа иатәу ашкол иахыԥхьаӡалахаз дреиуахоит. Араҟа фышықәсатәи иҵара хыркәшаны, Гаграҟа даауеит, ажәеизатәи акласс далгоит ақалақьтә аԥсуа школ аҿы.

"Асовет Еидгыла ахаан аҟазара злаз ахәыҷқәа ӷәӷәала адгылара рыҭан. Доусы ихы ԥишәарц азы даладырхәуан еиуеиԥшым аконкурсқәа, афестивальқәа. Саргьы сыбжьы ԥызшәаз сҭаацәара ирабжьаргеит ԥхьаҟа ашәаҳәара занааҭс ишьҭысхырц алшоит азы, сҟазара аизырҳаразы Москваҟа срышьҭырц. Схәыҷын, аха ибзиаӡаны исгәалашәоит шаҟа аус ҳадырулоз, алыхәҭа ҳкылырхуаз", - иҳәоит Геннади Дбар.

Аҟазара ыӡуам: 20 шықәса рышьҭахь амузыка иазыхынҳәыз Геннади Дбар иҭоурых

Амузыкант қәыԥш дҭалоит Украина, Харьковтәи акультуратә институт, аестрадатә ҟәша. Геннади қәҿиарала иҵара хиркәшоит, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны изанааҭ дазыхынҳәуеит 20 шықәса рышьҭахь. 2017 шықәса алагамҭазы Гагра имҩаԥысраны иҟан амузыкахь абаҩхатәра злоу аҿар ралԥшааразы афестиваль. Убри аҳәаақәа ирҭагӡаны, Геннади Дбари иҩыза Нодар Бениеи аҟазаратә школ аҿы агәыԥ еидкыланы ашәаҳәара дырҵара нап адыркит.

"Акастинг аҿы ашәаҳәарахь раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо ирықәҿиарц азы аус рыдулара ҳалагеит. Идҳарбеит ииашаны рыԥсыԥ шеивыргаша аҽаршьцыларақәа, рыбжьы ықәҳаргылеит, абжьы аҳара ҳарҿиеит, убас гхада ашәаҳәашьа дҳарҵеит. Абарҭқәа зегьы имарианы иаҳзымааиӡеит. Аԥхӡы каҳҭәеит", - еиҭеиҳәоит амузыкант.

Аҟазара ыӡуам: 20 шықәса рышьҭахь амузыка иазыхынҳәыз Геннади Дбар иҭоурых

Зеиҿкаара аџьабаа адбалаз афестиваль мзызсқәак ирхырҟьаны имҩаԥымсит. Хымԥада уи ргәы днархьит хәыҷи-дуи. Убри аамҭазы Геннади Дбар иҩнуҵҟа иҿыхахьаз азанааҭ ахь агәхьаагара иабзоурахеит хара имгакәа "Геннади Дбар ивокалтә студиа" аартра.

Аҟазара ыӡуам: 20 шықәса рышьҭахь амузыка иазыхынҳәыз Геннади Дбар иҭоурых

"Сзанааҭ сгәысҽанӡамкәа саназыхынҳә, ааныжьра сзымгәаӷьит. Насгьы акастинг азы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагонаҵы ахәыҷқәеи ҳареи ҳаишьцылеит. Ргәыӷрақәа здырҳәалоз афестиваль анаԥыхха, рыла ҭраа исзоумыжьит. Дара рыбзоурала схаҿы ииз аидеиагьы аԥсы ахасҵеит, иаԥысҵеит схатәы вокалтә студиа", - иажәа иациҵоит иара.

Геннади Дбар истудиа еиҿкаауижьҭеи Аԥсны ахи-аҵыхәеи, Москвеи, Краснодари, Иалтеи, Туапсеи уҳәа изныкымкәа ихкынагӡаҩцәа ықәгыланы иреиҳау аҳамҭа "Гран-при", насгьы адипломқәа актәии, аҩбатәии, ахԥатәии аҩаӡарақәа ирыԥсахахьеит.

Аҟазара ыӡуам: 20 шықәса рышьҭахь амузыка иазыхынҳәыз Геннади Дбар иҭоурых

"Арҭ афестиваль-конкурсқәа жәларбжьаратәи аҩаӡара рымоуп аҟнытә, алшара ҳарҭоит еицырдыруа ауаа арабадырра. Иҳабжьало аимадара иабзоураны ааԥхьарақәагьы ҳауоит. Убас ааԥынреи аԥхынреи ҳцараны ҳаҟан Израиль, Италиа, Молдова, аха адунеи иалаҵәаз апандемиа ҳапланқәа ԥхасҭанатәит.  Зегь акоуп ҳгәы каҳажьуам, агәыӷра сымоуп Гагратәи ашәаҳәаҩцәа рыхьӡ хара ишцо", - иҳәоит авокал азы арҵаҩы.

Аҟазара ыӡуам: 20 шықәса рышьҭахь амузыка иазыхынҳәыз Геннади Дбар иҭоурых

Астудиа иаҭаауа аиҳарак ашколхәыҷқәа роуп аҟнытә, аԥсҭазаара амҩа ду ианыло аҿар раамышьҭахь, еиҵагылоит амузыкантцәа рабиԥара ҿыц. Аха астудиа ашәқәа рзаартуп адуцәагьы.

"Сара Гагра ауп аус ахьызуа аҟнытә, ҷыдала рҟазара салацәажәар сҭахуп исыднагало аҭыԥантәи ахәыҷқәеи, аҿари. Иааџьоушьаратәы дара амузыкахь абаҩхатәра рыциит уҳәар алшоит. Ргәынкылара бзиоуп", - инаҵишьит ашәаҳәара арҵаҩы.

Аҟазара ыӡуам: 20 шықәса рышьҭахь амузыка иазыхынҳәыз Геннади Дбар иҭоурых

Геннади Дбар асцена ду ахь инаиго ррепертуар шьақәгылоуп аиҳарак аԥсуа ашәақәа рыла. Инарыгӡоит аҳәаанырцәтәи арҿиамҭақәагьы. Астудиа ахьӡала еиуеиԥшым афестиваль-конкурсқәа рҿы рхы ԥыршәахьеит, уи анаҩс еицырдыруа иҟалеит Инесса Григолиаԥҳа, Џьулиеи Миленеи Хачатрианаа, Мери Долиӡе, Леон Сыҷынаа, Софиа Фарафонова, Карина Чакриан, Дауҭ Хагәышь уҳәа.

Геннади ихаҭагьы ашәақәа рзы ажәақәеи амузыкеи иҩуеит, иагьынаигӡоит, урҭ реизга азыӡырҩцәа ирызнагахоит аамҭакы ашьҭахь. Иаирҳәоит афортепиано, агитара, абанджо, асаксафон.

Аҟазара ыӡуам: 20 шықәса рышьҭахь амузыка иазыхынҳәыз Геннади Дбар иҭоурых

Геннади Дбар иааӡамҭацәа рықәҿиарақәа урылацәажәо иазгәоумҭарц залшом, сынтәагьы ашәаҳәаратә конкурс "Аҿар рыбжьы" аҟны Гагра араион ахьӡ шҭыргаз "Гран-при" агарала. Уи ианашьан Леон Сыҷынаа. Адиплом актәи аҩаӡара иаԥсахеит Инесса Григолиаԥҳаи, Леиа Сыҷынааԥҳаи. Адиплом ахԥатәи аҩаӡара рҽаԥсартәит Амина Адиқәԥҳаи Еалонна Хьециаԥҳаи.

Аҟазара ыӡуам: 20 шықәса рышьҭахь амузыка иазыхынҳәыз Геннади Дбар иҭоурых

"Конкурск мацара абриаҟараҩык аеҵәахәқәа ҳнаҭеит. Шәара шәазхәыц ҳҳәаақәа рыҽдырҭбаар шаҟаҩы артистцәа ҿарацәа ҳрызгәдухо", - иҵаҩцәа дрылаҽхәоит амузыкант.

Геннади Дбар аамҭала астудиаҿы аҽазыҟаҵарақәа ааникылеит, аӡынра иҩны иҟалаз амцакра ааха ӷәӷәа анаҭеит азы. Аурокқәа хацыркхоит ҭагалан. Иахьа ахәыҷқәа аконцертқәа ирзыҟаиҵоит азин ахьирҭо ахыбраҿы. Арҵаҩ иахь иныҟәо рхыԥхьаӡара жәаҩык ыҟоуп.

Аҟазара ыӡуам: 20 шықәса рышьҭахь амузыка иазыхынҳәыз Геннади Дбар иҭоурых

Геннади Дбар авокал маҭәарк аҳасабала имҩаԥигоит Пицундатәи аҟазаратә школ аҿгьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: