АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп хәҩык ауаа иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы игәаҭаз 79-ҩык рахьтә, абри атәы аанацҳауеит ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иахьазы ишьҭоуп 15-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 14-ҩык акоронавирус шрыхьуа шьақәырӷәӷәоуп.
Аоперштаб адыррақәа рыла, згәы бзиахаз рахь иаҵанакуеит ахыԥхьакраҿы иҟаз жәҩык ауаа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>