Арадио

Бебиа Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа рҟны рықәгыларазы: ҳамч ҳақәгәыӷуеит

Урыстәыла имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа ирылахәу, Аԥсны атәылахьчара аминистрра акомендантә рота адҵаҟаҵаҩ Шьаруан Бебиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит излахәу аицлабрахкы арбану, рыҽшазыҟарҵо атәы.
Sputnik
Бебиа Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа рҟны рықәгыларазы: ҳамч ҳақәгәыӷуеит

"Аицлабрахкы "Амашәыртә раион" мҩаԥгахоит Сергиев Посад. Хыхәҭакны имҩаԥысуеит уи. Аицлабра зхы алазырхәуа Аԥснытәи арԥарцәа жәаҩык Воронеж ақалақь аҟны аҵара рҵоит. Макьана аамҭа ҳамоуп амза 29-нӡа, аҷкәынцәа рҽазыҟарҵоит, ишахәҭоу еиԥш ҳақәгылоит ҳәа агәаанагара сымоуп. Џьара аӡы арсра, аԥара, ибзианы аҩра аҭахуп, амашьына дула уахыкәшар акәхоит даҽаџьара. Арҭқәа зегьы аамҭа рзыԥҵәоуп, ирццакны гхада иҟауҵароуп. Агха ҟауҵацыԥхьаӡа аамҭа иацырҵоит. Аҵыхәтәаны тапанчала ахысра ыҟоуп, уигьы ҳхы алаҳархәуеит. Аицлабрақәа хымш имҩаԥыслоит ҳамч ҳақәгәыӷуеит, ибзианы ҳҽазыҟаҳҵеит", - иҳәеит Бебиа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: