Алексеи Стефанов
Традициала ишаԥу еиԥш, жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәеи арра-техникатә форум "Арреи" мҩаԥысуан хаз-хазы, аха апандемиа иахҟьаны сынтәа аҩусмҩаԥгатәык еицымҩаԥыргеит. Амала афорум нҵәоит нанҳәа 29 рзы, ахәмаррақәа - цәыббра 5 рзы.
Раԥхьатәи амш азы аҳәаанырцәтәи аделегациақәа 92 аахьан, 18 ҳәынҭқарра рҟынтәи ртәылахьчара рминистррцәеи урҭ рхаҭыԥуааи аарышьҭит.
"Сынтәа аусмҩаԥгатә дуқәа ҩба ҳаицрылагоит. Уи азы апрограмма еиҳагьы ауаҩы дыхнахыртә, ихамышҭыртә иҟалоит", - иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин, афорум алахәцәа рахь ихы нарханы. Иара иқәгылара ашьҭахь асценахь инеит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустини атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигуи.
"Агәра ганы сыҟоуп ахәмаррақәа ирылахәу, урҭ ирыхәаԥшуа зегьы рзы иланарԥшыгахоит ҳәа. Ара иалшоит хәарҭара злоу еиуеиԥшым апроектқәа, аиқәшаҳаҭрақәа раԥҵара, ԥхьаҟа узго аԥшьгамҭақәа рылацәажәара, зегь реиҳа ихадоу - арра-техникатә усхкаҿы жәларбжьаратәи аусеицуразы аҿиарамҩа анылара", - иҳәеит Михаил Мишустин.
Сергеи Шоигу аҳәаанырцәтәи аделегациақәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит аамҭа ԥшааны ари имариам аамҭазы урыстәылатәи абџьар азҟазацәа рылшамҭақәа ирыхәаԥшырц иахьааз.
Урыстәыла атәылахьчара аминистр иазгәеиҭеит ари арра-техникатә форум "Арра" адунеи аҟны "зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау аџьаԥҳани арратә техникеи рфорум акәхеит" ҳәа. Алахәцәа зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит, аха алафагьы иҳәеит - "аҩбатәи нахыс аҭыԥқәа зегьы шәара ишәтәуп" ҳәа.
Анаҩс ахҭысқәа ыиасит аполигон Алабино ахь. Уа ахәаԥшцәа рзы иқәгылеит иреиҳаӡоу апилотаж аекипажқәа "Ажәҵарақәа", "Аурыс витиазқәа", "Аберкутқәа", 16 тәыла ртанктә бригадақәа. Урҭ ирылан Аԥсны, Азербаиџьан, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Кырӷызсҭан, Ҭаџьықисҭан, Узбеқисҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла рыруаа.
Уи аҽны раԥхьатәи реиҳа иӷәӷәоу адивизион аицлабра мҩаԥысит. Уи иалахәын ԥшь-тәылак ркомандақәа: Беларусь, Азербаиџьан, Китаи, Сербиа. Аиааира агеит Китаи акоманда (19:20 рыла), уи еснагь еиԥш иара иҭнажьыз атанк ала иааит, аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Беларусь (21:57 рыла), ахԥатәи - Азербаиџьан (22:31 рыла), аԥшьбатәи - Сербиа (29:59 рыла).
Актәи амш хыркәшан аныҳәатә концерт ду ала, уи рызкын Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа ирызку Ауахәама хадеи "Агәалашәара амҩа" акомплекси аԥызҵази изыргылази ауаа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: