Аладатәи арратә округ аруаа "аӷа" ишьаҟар ршьаҽит Аԥсны ашьхараҿы

Ашьхатә полигон Ҵабал имҩаԥысуа арратә зыҟаҵара иадыԥхьалан иааидкыланы 500-ҩык инареиҳаны аррамаҵзурауааи 70 ак рҟынӡа аибашьыгатә техникеи.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ иатәу урыстәылатәи абаза артиллеристцәа ашьхараҿы имҩаԥыргеит аицҭырҟьаратә мца аракетатә системақәа "Град" реиҭарҿыцра ашьҭахь раԥхьатәи рылахысрақәа. Абри атәы аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.

"Град" иақәдыргылеит ацәҟьа алкаара зырласуа асистемақәа еиҭарҿыцны, аредукторқәа еиҳа ирӷәӷәаны.

Аладатәи арратә округ аруаа "аӷа" ишьаҟар ршьаҽит Аԥсны ашьхараҿы

Аԥшыхәцәа рхыхкәкы рыԥшааит аԥырҩы дызҭам аԥрыга аппаратқәа рхархәарала. Аруаа амца рыжәырҵеит абронетехникеи ашьхаҿы итәаз "аӷа" ишьаҟар рыжәпареи.

Ҩба инаркны ҩажәа километра рҟынӡа ихараны иҟаз ацәҟьақәа иреихстәын иахьынӡауа иласны, аџьаԥҳаны излауала имаҷны иныхуа.

Артиллеристцәа реибашьратә хысрақәа мҩаԥысуан иааираны иҟоу абатальонқәа ртактикатә ҽазыҟаҵарақәа рҽырзыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аицҭырҟьаратә мца аракетатә системақәа "Град" рзынархоуп иԥхьаку ма иаарту ауаа ргәыԥи, акәылӡыркы еибашьыгатә техникеи, артиллериатә арҟәыҵәақәеи, атактикатә ракетақәеи, адҵаҟаҵаратә пунктқәеи, аимадара аҭыԥқәеи реихсра.

"Град" иажәнаҵо амца 40 километра рҟынӡа ицар алшоит. Уи акакалатәи ахысрақәа реиԥш зныкала 40 хырхарҭа рыла аицҭырҟьара алшоит. Ари абџьар алахысра азыҟаҵаразы ԥшь-минуҭк иреиҵаны уагоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: