Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар ҳтәыла ахьыԥшымра азхаҵара амш рыдиныҳәалеит

Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш азгәарҭоит нанҳәа 26 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иуаажәлар ирыдиныҳәалеит ҳтәыла ахьыԥшымра азхаҵара амш. Адныҳәалара атекст кьыԥхьуп атәыла ахада исаит аҟны.

Жәларык ргәыхәтәы: Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аиуижьҭеи 12 шықәса ҵуеит

"Ари акыр иқәыԥшу, аха иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ныҳәақәа ируакуп. Жәаҩа шықәса раԥхьа инаӡеит шәышықәсала аԥсуа жәлар ззыԥшыз ргәыхәтәы – зхы иақәиҭу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылара ", - ҳәа аҳәоит адныҳәалара.

Ахада иазгәеиҭеит Урыстәыла иҟанаҵаз Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара – ҳтәыла иҿыцӡоу аҭоурых аҟны акрызҵазкуа хҭысуп ҳәа. Азхаҵара анҳау ашьҭахь, Бжьаниа иажәақәа рыла, "Аԥсны аҭынчра аҳра ауа иҟалеит, аиуристтә шьаҭа зауз ашәарҭадара ҳауит, уи абзоуралагьы аҳәынҭқарратә институтқәа рырӷәӷәареи асоциалтә-економикатә зҵаарақәеи егьырҭ аҩнуҵҟатә ҿиара азҵаарақәеи рыӡбара ҳхы рзаҳашьҭыртә еиԥш алшара ҳауит".

"Абри аныҳәамш аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит зыԥсадгьыл ахақәиҭра зхы қәызҵаз афырхацәа, иара убас ҳажәлар рԥызацәа: Аиааира ҳзаазгаз Владислав Арӡынбеи, ҳхьыԥшымра азхаҵара зыхьӡ адҳәалоу Сергеи Багаԥшьи", - иҳәеит Аслан Бжьаниа. 

Нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев, аԥсуеи ауаԥси жәларқәа рхы иақәиҭны иаадырԥшыз ргәаҳәара дазыразны, ООН Аԥҟаԥҵәеи, жәларбжьаратәи азин апринципқәа рзы 1970 шықәсазтәи адекларациеи, 1975 шықәсазтәи Хельсинкитәи ахыркәшаратә акти егьырҭ ишьаҭанкылатәу жәларбжьаратәи ашәҟәқәеи шьаҭас иҟаҵаны инапы аҵаиҩит Урыстәылатәи Афедерациа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра шазханаҵо азы ақәҵарақәа.