Аԥсны даҽа 12-ҩык акоронавирустә чымазара рыдбалоуп

Абыржәтәи аамҭазы иҟоу адыррақәа рыла, Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдырбалахьеит 274-ҩык. 115-ҩык ргәы бзиахеит. Ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Адиагноз акоронавирус рзышьақәыргылоуп даҽа 12-ҩык ауаа, уахыки-ҽнаки рыла игәаҭаз 72-ҩык рахьтә ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аштаб аҟны ишазгәарҭаз ала, иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп 16-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә COVID-19 змоу хҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп, ҩыџьа – бжьаратәуп, хҩык аҩныҟа илҩаауп.

Аҩаша, нанҳәа 25 рзы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит акоронавирус здырбалаз Лабра ақыҭа анхаҩы иԥсҭазаара дшалҵыз. Ақыҭаҿы акарантин рылаҳәоуп.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>