Аԥсны 21 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп

Аԥсны акоронавирус зыхьхьоу рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьатәи аамҭазы иартәоит 295-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 117-ҩык ргәы бзиахахьеит, 4-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп 21-ҩык иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы игәаҭаз 197-ҩык рахьтә, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иазгәаҭоуп уажәазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишышьҭоу акоронавирус ззышьақәыргылоу 19-ҩык апациентцәа.

Урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп, хҩык - ибжьаратәуп. Ҩыџьа рҽанырхәышәтәыз ашьҭахь иҭҩаауп.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>