Урыстәылаҟа аҵарахьы ицо астудентцәа COVID-19 азы атест арҭар рылшоит Аԥсны

Астудентцәа атәылаҿы иҟоу реиҳа ирзыманшәалоу аполиклиника иаҭаар ауеит акоронавирустә чымазара ҿкы иаццәырҵуа ацәеижьҿагылақәа рымоу ирымаму агәаҭаразы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 27 – Sputnik. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәа рҵарахьы ицаанӡа Аԥсны аполиклиникақәа рҿы COVID-19 амазааразы ашьа анализ арҭар рылшоит аекспресс-тест аметод ала. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит атәыла асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Аԥсны даҽа 12-ҩык акоронавирустә чымазара рыдбалоуп

"Астудентцәа ирҭаху аполиклиника иадҵааланы акоронавирустә ҿкы ацәеижьҿагылақәа рыҟазаара агәаҭаразы аекспресс-ҭҵаара иахысыр рылшоит, убри ашьҭахь ирзааигәоу асанитар-епидемиологиатә станциаҿы инеины рыкәша-мыкәша иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьазы аилыркаа роуеит", - ҳәа азгәалҭеит лара.

Абри аҩыза аилыркаа иаҳәоит агәаҭара иахысыз ауаҩы дахьынхо иҩнаҿы акоронавирустә чымазара аӡәгьы ишимам лҳәеит Скорик.

Астудентцәа иарҭо атест аҭак иара уи аҽны ироуеит ҳәа азгәалҭеит асанитартә ҳақьым хада.  

"Аекспресс-тестқәа рыла еиқәыршәоуп ҳтәыла амедицинатә усҳәарҭақәа зегьы, аҭыԥантәи асанитар-епидемиологиатә маҵзурақәа аилыркаақәа рыҭара иазхиоуп", - лҳәеит лара.

Аекспресс-тестқәа рымҩаԥгара хәыда-ԥсадоуп.

Аҟәеи Аҟәа араиони руааԥсыра атест арҭар ауеит араионтә поликлиникаҿы асааҭ 09:00 инаркны асааҭ 14:00 рҟынӡа. Аекспресс-тест аҭаразы Аԥсны атәылауаҩшәҟәы уманы унеироуп.

Уаанӡа Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха еиҭеиҳәахьан, Аԥснынтә Урыстәылаҟа аҵарахьы ицо астудентцәа ахьнеиуа хымш реиҳа зхымҵуа ПЦР-диагностиказы аилыркаа рыцзароуп ҳәа. Мамзаргьы аҭыԥ аҿы ишнеилак хымш ирхымгакәа акоронавирус амазааразы агәаҭара иахысроуп ҳәа. 

2020 шықәсазы Россотрудничество ахырхарҭала Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалеит Аԥснытәи абитуриентцәа 50-ҩык.