Арадио

Ҵәыџьба: аԥсуаа ҳхатә система - Аԥсуара - зегьы шьагәыҭс иамазароуп

Анапхгаҩ ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура" аҟны аиааира згаз Абзагә Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсуа закәанԥҵара Аԥсуара шьаҭас иамазарц ахәҭаны изиԥхьаӡо.
Sputnik

Анапхгаҩ ҿарацәа раԥхьатәи реицлабра "Аԥсны агәадура" хыркәшоуп. Ауаа рыбжьыҭареи аконкурстә комиссиа рыхәшьареи неилаҵаны актәи аҭыԥ ааникылеит Саид Беиа, аҩбатәи – Асҭамыр Қәҭарба, ахԥатәи – Александр Ачба, аԥшьбатәи – Алмахсиҭ Осиа, ахәбатәи – Абзагә Ҵәыџьба.

Ҵәыџьба: аԥсуаа ҳхатә система - Аԥсуара - зегьы шьагәыҭс иамазароуп

"Москва аҵара сҵоит, иҭысҵаауеит Аԥсуара иадҳәалоу атема. Ҳзакәанқәа акыр аурыс закәанқәа рҟынтә ихҩылаауп, аустав акәзаргьы ус. Ара ицәырҵуеит азҵаара, иарбан закәану хазлацәажәо аус ауртә еиԥш, ҳара ҳхатә дунеихәаԥшышьа аҳмарбазар. Ҳара иҳамоуп ҳхатә система - Аԥсуара, убри шьагәыҭс иамазароуп зегьынџьара. Атәым кәтыжь хаауп ҳәа ишьҭаҳхуеит, аха еиӷьми ҳара ҳтәы шьақәырӷәӷәаны иааҳгар, уи алагьы ҳхы еиқәҳархоит. Иахьа ҳара ҳхьыԥшымра атәы ҳалацәажәоит, аха ҳара ҳбызшәа еиқәҳархароуп, ҳара ҳмилаҭ еиқәҳархароуп, ихадоу убри ауп", - иҳәеит Ҵәыџьба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: