Аицлабра "Аԥсны агәадура" аҟны иаиааиз рыхьӡқәа ҳәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукОбъявление победителей конкурса - Гордость Абхазии
Объявление победителей конкурса - Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анапхгаҩ ҿарацәа раԥхьатәи реицлабра "Аԥсны агәадура" хыркәшоуп. Аиааира згақәаз рыхьӡқәа рылаҳәан нанҳәа 25 ахәылбыҽха, Аҟәа.

АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik. Мызқәак раахыс имҩаԥысуаз анапхгаҩ ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура" аҟны иаиааиз хәҩык рыхьӡқәа рыларҳәеит Аҟәа. Аицлабраҿы аиааира згаз алкаан алахәцәа рфинлатә реитинг алҵшәақәа рыла, иара шьақәгылон 70% аконкурстә комиссиа рыхәшьаралеи, 30% онлаин-бжьыҭаралеи.

Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аицлабра "Аԥсны агәадура" аҟны аиааира зго рыхьӡқәа лассы еилкаахоит

Хәҩык аиааирагаҩцәа рыхьӡқәа иҳәеит анапхгаҩ ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура" аԥҵаҩы, Урыстәыла аҳәынҭқарратә абжьгаҩ ҵабыргы Инал Арӡынба.

"Сара зыхьӡ сҳәо зегь реиҳа иазыҟаҵоу роуп, егьыс шәара зегь аиааира жәгеит ҳәа исыԥхьаӡоит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит акомиссиа иалаз зегьы, сара издыруеит шаҟа гәыкала абри апроект шәазнеиз. Иара убас иҭабуп ҳәа расҳәоит Милана Ҳашԥҳа напхгара зылҭоз аиҿкааратә комитет", - иҳәеит Арӡынба. 

Ауаа рыбжьыҭареи аконкурстә комиссиа рыхәшьареи неилаҵаны актәи аҭыԥ ааникылеит Саид Беиа, аҩбатәи – Асҭамыр Қәҭарба,  ахԥатәи – Александр Ачба, аԥшьбатәи – Алмахсиҭ Осиа, ахәбатәи – Абзагә Ҵәыџьба.

"Сара ақәгылара сҽазыҟасымҵеит, аха исҳәарц сылшоит гәахәарыла абри аицлабра салахәын ҳәа, шәара шәеиԥш иҟоу аҿарацәа срывагыланы. Шәара зегь аиааира жәгеит ҳәа исыԥхьаӡоит. Уажәшьҭа ажәа мыцхә мҳәакәа аус ахь аиасра иаамҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит ", - иҳәеит аиааира згаз Саид Беиа.

Аицлабра аиааирагаҩцәа Аԥсны аҳәынҭқарратә аппарат аҟны амаҵураҭыԥқәа ааныркылоит. Инал Арӡынба ишиҳәаз ала, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аиааирагаҩцәа дырԥылоит, дара рмаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡара рҽазыҟарҵалоит ахада иусбарҭа аҟынгьы. Уи адагьы доусы аԥышәа змоу амҩақәҵаҩ диоуеит Аԥсны еицырдыруа аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩцәа рҟынтә.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0