Аԥсны АҶА Лабра ақыҭан арзҩыдарақәа мҩаԥнагеит

Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иажәақәа рыла, нанҳәа 27 рызтәи аҭагылазаашьала Лабра ақыҭаҿы 12-ҩык акоронавирустә ҿкы чымазара злоу аарԥшуп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Очамчыра араион абылреиқәырхаратә ҟәша аусзуҩцәа Лабра ақыҭан арзҩыдарақәа мҩаԥыргеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Адырраҭараҟны иазгәаҭоуп арзҩыдаратә ӡшьарқәа рыла акоронавирус зыҟны ирыԥшааз ақыҭауаа рыҩнқәа, иара ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа дрыцқьеит.

Аԥсны АҶА Лабра ақыҭан арзҩыдарақәа мҩаԥнагеит

 

Нанҳәа 25 рзы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи Асанитартә епидемиологиатә станциеи Лабра ақыҭан 14-мштәи акарантин аларгалеит, акоронавирус ззышьақәыргылаз Лабра ақыҭанхаҩы иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь.

Нанҳәа 27 рзы 30-ҩык инарзынаԥшуа ақыҭауаа ақыҭа амҩақәа руак аҟны амитинг аҿы еизеит. Дара агәынамӡара аадырԥшуан акарантин азы рқыҭа ахьадыркыз. Дара аԥкрақәа аԥыхны ақыҭа уалызго амҩа аадыртыр рҭахын, ианамух, ахәшәқәеи афатәи-ажәтәи ауаа ирзыршарц адҵа ҟарҵон. Амитинг сааҭқәак ицон. 

Ақыҭауаа еимпит агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа ианиацәажәаз ашьҭахь. Иара иажәақәа рыла, нанҳәа 27 рызтәи аҭагылазаашьала Лабра ақыҭаҿы 12-ҩык акоронавирустә ҿкы чымазара злоу аарԥшуп.

Нанҳәа 27 рызтәи аҭагылазаашьала Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо COVID-19 зыхьхьоу 295-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 117-ҩык ргәы бзиахахьеит, 4-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: