Акоронавирус рыдбалоуп даҽа быжьҩык Аԥсны ауааԥсыра

Аԥсны акоронавирус зыхьхьоу рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьатәи аамҭазы 315-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 120-ҩык ргәы бзиахахьеит, 4-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. Акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп даҽа быжьҩык ауаа иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла игәаҭаз 67-ҩык рахьтә, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иазгәаҭоуп уажәазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишышьҭоу акоронавирус зцәа иалоу 17-ҩык апациентцәа. Урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп, хәҩык бжьаратәуп. Хҩык ргәы бзиаханы рыҩныҟа иоушьҭуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>