Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Сақаниа Маркәылатәи ажрақәа шымҩаԥысуа иазкны

Аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Маркәыла акыршықәса имҩаԥысуа ажрақәа сынтәатәи рылҵшәа атәы.
Sputnik

Аурыс археолог Галина Требелевеи аԥсуа ҵарауааи мызкы инарзынаԥшуа сынтәа Маркәыла имҩаԥыргон ажрақәа. Урҭ уи аԥхьа иҟаз аекспедициатә усурақәа ирыхәҭакуп.

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Сақаниа Маркәылатәи ажрақәа шымҩаԥысуа иазкны

"Маркәыла акыршықәса ҵуеит аус аауеижьҭеи. Раԥхьа уа иаабеит ахыжәжәара, анаҩс иҳаԥшааит ауахәама, шықәсылагьы ахәбатәи ашәышықәса иҭаӡоит. Уажәы  агәҩара ҳамоуп аԥшьбатәи ашәышықәса анынҵәо иаҵанакуеит ҳәа. Ари ауахәама аҭыԥантәи ауаа идыргылаз ауп, араҟа иаабаӡом аурымқәеи абырзенқәеи ртехнологиа, убри ҳара ҳзы даара акырзҵазкуа акакәны ҳахәаԥшуеит. Ҳахьыжуаз аҭыԥқәа рҿы иаабеит аԥшьбатәи ашәышықәса ҳера ҟалаанӡа ижқәаз ауаа, ирыцын бырзынтәылатәи еиқәаҵәоу алак зыхьшьу аԥҽыхақәеи аҭыԥантәи акыцлыхқәеи. Ҳажрақәа иаҳдырбеит уи аҭыԥ аҿы зегьы ианреиҵаха ахәбатәи-аԥшьбатәи ашәышықәса инаркны иахьа уажәраанӡа иԥымҵәаӡакәа, еиԥҟьара ҟамҵаӡакәа, аҭыԥантәи ауаа убра ишынхоз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сақаниа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: