Маркәылатәи аԥшаахқәа: ажәытә аԥсуаа ахьынхоз аҭыԥ аҿы аҵарауаа ирԥыхьашәаз

© Foto / Абхазский государственный музейНаходка, которую обнаружили при раскопках на Меркульском городище
Находка, которую обнаружили при раскопках на Меркульском городище - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан 2014 шықәса раахыс археологиатә жрақәа мҩаԥысуеит ҳера ҟалаанӡа IV-тәи ашәышықәса инаркны ҳера иатәу XV-тәи ашәышықәсанӡа аԥсуа хылҵшьҭрақәа ахьынхоз аҭыԥ аҭҵааразы.

АҞӘА, нанҳәа 29 – Sputnik. Маркәыла иҟоу ажәытәӡатәи аԥсуаа реиланхарҭаҿы ажрақәа раан аҵарауаа ирыԥшааит аурымцәа раамҭа иатәу акерамикатә аҿа.

Маркәылатәи ажәытә нхарҭаҟынтәи аԥшаарақәа - Sputnik Аҧсны
Калам ԥынҵалеи баҳаҿылеи: Маркәылатәи анхарҭа аҭҵаара шымҩаԥысуа

"Ари иуникалтәу ԥшаахуп, абрысҟаамҭа ахыҵуаны ишеиқәхаз џьашьахәуп. Ари аҿа ҳаԥшааит жәамшҟа раԥхьа, иара I, III ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуеит. Макьаназы иҭаҳамҵаацт ари аишәа иқәырҵоз чысмаҭәоу, иҿыпуа арыцқәа рҭаԥсаразы рхы иадырхәоз ашәага чысмаҭәазу. Иара шеибгоу еиқәхеит, убри алагьы иуникалтәуп, аиԥш зеиԥшу ыҟоу иҟаму ҳашьҭалоит алитератураҿы", - ҳәа еиҭалҳәеит Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Археологиатә институт аклассикатә археологиа аҟәша аусзуҩ Галина Требелева арадио Sputnik аинтервиу аналҭоз.        

Маркәылатәи аиланхарҭаҿы ажрақәа мҩаԥысуан нанҳәамза шаалагаз инаркны ҳәа адырра ҟалҵеит археолог.

"Ҳара арахь ҳааит аҳәаа анаадырты актәи амш азыҵәҟьа, нанҳәа 1 азы. Аекспедициа хықәкыс иамоуп Маркәылатәи ажәытәӡатәи анхарҭаҭыԥқәа рышьҭамҭақәа рыҭҵаара ацҵара, еиҳарак уажәы аус здаҳулоз ҵыԥх иааҳарԥшыз ахан аҭҵаароуп. Ахан аҩналарҭа ҳаԥшааит, иара убас уи ахан аиҭашьақәыргыларақәа иахҭысуаз ирыхҟьаны ҩ-еихагылак шамаз шьақәырӷәӷәахеит", - лҳәеит Требелева.

Иҟалап, аиҭашьақәыргылара заҭаххаз адгьылҵысра иҟаз иадҳәалазар ҳәа лгәы иаанагоит археолог.

"Еиҳа ижәытәӡатәиу адашьма абахә ақәгылоуп, уи адгьылҵысра иахҟьазар ауеит. Уи ашьҭахь абаа ахархәара иацырҵеит, адашьма ҿыц ҭадырҭәеит, аамҭала ари ахан I, II ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуеит, егьа иурххаргьы III-тәи ашәышықәса аасҭа ихьшәам", - лҳәеит аҵарауаҩ.

Ажрақәа раан археологцәа ирыԥшааит убасгьы XII-XIV ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуа ахҿа.

Сурам Сақаниа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Сақаниа еиҭеиҳәеит Маркәылатәи археологиатә ԥшаарақәа ртәы

"Иаҳҳәар ауеит убри аамҭазы ахан ахархәарагьы аанкылан ҳәа. Абри аамҭа иақәшәоит аныхабааи Алаҳаш абааи ирызкны иҳамоу арыцхәқәагьы", - лҳәеит Требелева.

Маркәылатәи аиланхарҭа жәытә – Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду аҩнуҵҟа иҟоу, ажәытәтәи ауааԥсыра рыбзазареи рҭоурыхи зныԥшуа ҭыԥуп ҳәа азгәалҭоит археолог.

"Аныхабааҿы иаҳбаз аԥсыбаҩқәа рыла иаҳҳәарц ҳалшоит усҟан ауаа ақыҭанхамҩа рнапы алакын ҳәа, еиҳарак ирфозгьы арыцтә ҵиаақәа ракәын. Убарҭ ауаа ракәзаргьы ҟалап Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду зыргылаз, дара рҵакырадгьыл ахьчаразы. Аҭыԥантәи ауааԥсыра роуп аҭӡы зыргылаз уҳәартә иҟоуп, дара аханқәеи ахырӷәӷәарҭа дуқәеи дыргылон, антикатә центрқәеи дареи ахәаахәҭра рыбжьан", - лҳәеит археолог.

Маркәылатәи аиланхарҭа аҭҵаарақәа иҵегь акыршықәса ирыцҵахоит, урыстәылатәи аҵарауаа ҳаԥхьаҟагьы аара ргәы иҭоуп.

Маркәылатәи аиланхарҭа машәырны ирԥшааит аԥснытәи, урыстәылатәи аҵарауаа 2013 шықәсазы. Араҟа ажрақәа ирылагеит 2014 шықәсазы. Иара уникалтәуп, избанзар IV-тәи ашәышықәса инракны араҟа аԥсуаа мацара ракәын инхоз, Аԥсны иҟаз абырзен ма аурым еиланхарҭақәа акала ирыдҳәаламызт.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0