COVID-19 рыдбалоуп даҽа жәохәҩык Аԥсны ауааԥсыра

Аԥсны акоронавирус зыхьхьоу рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьатәи аамҭазы 330-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 120-ҩык ргәы бзиахахьеит, 4-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 31-Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп жәохәҩык игәаҭаз 94-ҩык рҟынтә, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 28-ҩык апациентцәа, акоронавирус рцәа ишалоу шьақәырӷәӷәоуп 27-ҩык. Урҭ рахьтә хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп, жәҩык бжьаратәуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>