Агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 аҿагыларазы амедицинатә маҭәахәқәа аанахәеит

Амедицинатә еидара хадаратәла Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инарышьҭуеит, иара убас ареспублика егьырҭ ахәышәтәра-профилактикатә усбарҭақәа рахь.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 аҿагылара аҳәаақәа ирҭагӡаны амедицинатә маругақәеи амедицинатә маҭәахәқәеи аанахәеит ареспублика амедицинатә усбарҭақәа рзы, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Иааргаз ахархәагақәа рыхә 3 817 400 мааҭ иҟоуп.

Асиаҿы иҟоуп:

  • 5, 10 литра зкуа аҵәыҵәри аконцентраторқәа 20,
  • ахаҿытә ԥсыԥлагаҩагаратә сабрадақәа 17 (СиПАП-сабрадақәа),
  • аинфузиатә гәыртә ҳауаҭгагақәа хәба,
  • аротаметр змоу аҳауарцәаакыгақәа 30,
  • ада хадақәа акатетер рзықәыргыларазы амаҭәахәқәа 100,
  • аҟырҟы, аԥынҵа рҟнытә анализ агаразы азондқәа 6300,
  • аҟырҟы, аԥынҵа рҟнытә анализқәа рыҵәахреи рнагаагареи рзы атранспорттә хархәагақәа 15.

Аԥсны акоронавирус зыхьхьоу рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьатәи аамҭазы 330-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 120-ҩык ргәы бзиахахьеит, 4-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>