АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп 29-ҩык ауааԥсыра иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла игәаҭаз 194-ҩык рахьтә, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Уажәазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус ззышьақәыргылоу 29-ҩык ауааԥсыра. Иазгәаҭоуп хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа шыбааԥсу, жәҩык - шыбжьаратәу.
Аоперштаб адыррақәа рыла, ахыԥхьакраҿы зҽызхәышәтәуаз хәҩык ргәы бзиахеит.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>