"Ашана" Алан Қәачахьиа ихәышәтәразы аԥареизгара хацнаркит

Ҩышықәса зхыҵуа Алан Қәачахьиа Москва агәабзиарахьчара Адепартамент ахәыҷтәы ԥсихоневрологиа анаука-практикатә Центр аҿы ихәышәтәразы 250 нызқьмааҭ аҭахуп.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Алан Қәачахьиа ихәышәтәразы аԥареизгара хацнаркит.

Қәачахьиаа рҭаацәараҿы ирызҳауеит ҩыџьа ахацәарԥар– Баграти Алани. Баграт еснагь аччаԥшь иҿықәуп, ибаҩ ицәыласуп, убри аан дыԥхашьаҩуп, Алан – еиҳа дҭынчуп. Аишьцәа шеиԥшымгьы даара еидҳәалоуп гәыла-ԥсыла. Баграт ашьыжь дшааԥшлак иашьа иахь дыҩны днеиуеит, акраамҭа димбар дыгәхьааигоит.

"Ашана" Алан Қәачахьиа ихәышәтәразы аԥареизгара хацнаркит

Дара ҩышықәса роуп ирыбжьоу. Баграт ициит ачымазара– микроцефалиа. Иара ихала ишьапы днанагоит, иҩызцәа акала дрылукаауам, аха ицәажәара ԥкуп. Аҭаацәа ахәыҷы  илымҳа иаҳауам ҳәа ргәы иаанагоит аха  аратәи ахәышәтәыҩцәа уи макьаназ ирзышьақәырӷәӷәом, атәыла анҭыҵҟа игәаҭаразы дгатәуп ҳәа рабжьыргоит. Аҭаацәа рылшара инанагом.

Алан игәамбзиарагьы ахы акит дышхәыҷыз. Иара ихала ибӷа дызхықәтәалом, дызныҟәом, инапқәа русура уадаҩуп, ааигәоуп атәара даналага. Заанаҵтәи идиагноз ҳәа ДЦП изықәыргылоуп, аха уигьы шьақәырӷәӷәам.

Ҩышықәса зхыҵуа Алан Қәачахьиа Москва агәабзиарахьчара Адепартамент ахәыҷтәы ԥсихоневрологиа анаука-практикатә Центр аҿы идкылара иазыхиоуп. Уи азы еизгатәуп 245 000 мааҭ.

"Ашана" Алан Қәачахьиа ихәышәтәразы аԥареизгара хацнаркит

Иара убри ахәышәтәырҭаҿы иазыхиоуп Багратгьы идкылара. Баграт изгьы афонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркраны иҟоуп аишьцәа ахәышәтәрахь еицыргарц.

Ацхыраара аҟаҵашьа аилкаара алшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.