Аԥсны даҽа 25-ҩык акоронавирустә чымазара рыдбалоуп

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыхьхьеит 384-ҩык. Урҭ рахьтә 138-ҩык ргәы бзиахеит, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп 25-ҩык ауааԥсыра иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла игәаҭаз 190-ҩык рахьтә, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Уажәазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус ззышьақәыргылоу 30-ҩык ауааԥсыра. Иазгәаҭоуп хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа шыбааԥсу, ааҩык - шыбжьаратәу.

Аоперштаб адыррақәа рыла, ахыԥхьакраҿы зҽызхәышәтәуаз 13-ҩык ргәы бзиахеит.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>