COVID-19 азы Урыстәылатәи алаҵа абыргцәа рҟны ахымҩаԥгашьа гәарҭоит

Нанҳәамза анҵәамҭазы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра Гамалеи ихьӡ зху Ацентр азин анаҭеит авирус аҟынтәи алаҵа аԥышәаразы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik. Гамалеи ихьӡ зху Ацентр адиректор Александр Гинцбург еиҭеиҳәеит Аинститут аусзуҩцәа, зықәра 70 - 80 шықәса иҟоу COVID-19 аҟынтәи алаҵа шыҟарҵаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

COVID-19 иаҿагылоу алаҵа мҽхакы ҭбаала Урыстәыла ианырзыршо рҳәеит

60 шықәса ирҭысхьоу ауаа рзы акоронавирус аҟынтә алаҵа аҟаҵара далацәажәо Гинцбург иҳәеит ихаҭагьы ишыҟаиҵаз. Иара иажәақәа рыла, Гамалеи ихьӡ зху Аинститут аусзуҩцәа, зықәра 70 - 80 шықәса иҟоу COVID-19 аҟынтәи алаҵа ҟарҵеит хатәгәаԥхарала.

"10-15-ҩык иреиҵамкәа алаҵа ҟарҵеит. Дара зегьы рхы бзианы ирбоит, ргәабзиара еиҭамшәеит, алекциақәа мҩаԥыргоит, аспорт рнапы шалакыц иалакуп. Алаҵа акала ибааԥсны ныррак ҟанамҵеит", - иҳәоит Гинцбург.

Уаанӡа Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит акоронавирустә ҿкы чымазара ҿыц (COVID-19) апрофилактиказы адунеи аҿы ираԥхьаӡатәиу алаҵа. Алаҵа аԥырҵеит Гамалеиа ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рыҭҵаарадырратә центр аҟны.

РФПИ аиҳабы Кирилл Дмитриев адырра ҟаиҵеит, афонд ахь 20 тәыла рҟынтә азыҳәақәа шроуз урыстәылатәи ахәшә адозақәа миллиард раиуразы. Убри аан иара иазгәеиҭеит Урыстәылеи азыҳәа ҟазҵаз рахьтә хә-тәылаки дара рҵакырадгьыл аҟны алаҵа аҭыжьразы ишеиқәшаҳаҭхаз. Дмитриев иажәақәа рыла, иахьазы ирымоу амчқәа алшара ҟарҵоит шықәсык ала 500 миллион доза аҭыжьра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: