"Спутник V": COVID-19 иаҿагылоу урыстәылатәи алаҵа ҿыц иазкны

© Foto / РФПИ и Центр имени Гамалеи / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервая в мире вакцина от коронавируса
Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
COVID-19 иаҿагылоу урыстәылатәи алаҵа ҿыц аҭаҩра апроцедура, уи аԥышәара ахыжьра алҵшәақәа, ауааԥсыра алаҵара рзыҟаҵара алагаразы апланқәа уҳәа ирызкны агентра Sputnik иазеиҭеиҳәеит Н.Ф.Гамалеи ихьӡ зху ацентр аиҳабы аҭҵаарадырратә усуразы ихаҭыԥуаҩ Денис Логунов.

- Иҳаҩсыз амҽышазы шәара Агәабзиарахьчара аминистррахь ирышәҭеит аклиникатә ҭҵаарақәа рылҵшәақәа. Алҵшәақәа рхаҭақәа макьана икьыԥхьым. Урҭ аҭҵаарақәа рышьҭахь лкаақәа хадақәас иҟашәҵар ишәылшои?

- Аклиниканӡатәи аҭҵаарақәас иҟоу зегьы мҩаԥаагеит алаҵа ашәарҭадареи ахаҳареи зеиԥшроу аилкааразы, анаҩс иҟаҳҵеит аклиникатә ҭҵаарақәа ҩба, уи хатәгәаԥхарала зцәа алаҵа алазҵаз рҟны игәаҳҭеит. Уи иаҳнарбеит иара шшәарҭадоу, аиммунра ҳарак шамоу.

Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Гамалеи ацентр аҿы еиҭарҳәеит Урыстәыла массала алаҵаҟаҵара ианалаго

Ҳлаҵа хатәгәаԥхарала излазҵаз зегьы рцәаҟны иаарԥшын авирус аԥызхуа ацәеижьҿагылақәа. Аиммуногентә система аганахьалагьы алҵшәа бзиақәа ҳауит, избанзар ахацқәа рганахьалагьы авирус иаҿагыло ацитотоксикатә лимфоцитқәа аарԥшын.

Ашәарҭадара аганахьала ашоура ашьҭыҵра аума, иахьалаҳҵаз аҭыԥ аҟны ахьаа аума уҳәа ҳзыцәшәоз алаҵақәа хатәгәаԥхарала иҟазҵаз зегьы рҟны ицәырымҵит.

- Актәии аҩбатәии афазақәа раан зхы алазырхәыз рхыԥхьаӡара зеиԥшроуи?

- Актәии аҩбатәии афазақәа раан 38-38-ҩык, зынӡа 76-ҩык. Ус хаз-хазы изаҳшаз, алаҵа аформа еиуеиԥшымызт азоуп, акы - ӡшьарын, агьи - ахәшә ҳасабла иҟан.

- Рықәра зеиԥшрази иалахәыз?

- Аҩфазак ирылахәыз хатәгәаԥхарала алаҵа злазҵаз рықәра 18-60 шықәса иаҵанакуеит.

-  Апрессаҟны ирҳәалоит ишәарҭадоу, узықәгәыӷша алаҵа аҟаҵаразы шықәсыки бжаки аҭахуп ҳәа. Иҳашәҳәа излалшәыршеи Н.Ф. Гамалеи ихьӡ зху ацентр аҟны абас аамҭа кьаҿк иалагӡаны, 5-6 мзы рыла алаҵа аԥҵара?

-  Ииашаӡам акгьы ыҟаӡамкәа абас иаалырҟьаны алаҵа ҟаҳҵеит ҳәа. Аденовирустә векторқәа ртехнологиа аус адулара иалаганы рхы иадырхәоижьҭеи ҩынҩажәа шықәса раҟара ҵуеит.

Производство вакцины от COVID-19 на фармацевтическом заводе Биннофарм - Sputnik Аҧсны
Израильтәи аиммунолог COVID-19 азы урыстәылатәи алаҵа ахә ҳаракны ишьеит

2015 шықәса раахыс Н.Ф.Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аҿы иаԥҵаз аденовирустә векторқәа рышьаҭала алаҵақәа рзыҟаҵоуп 3 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра.

Аденовирустә векторқәа рышьаҭала иҟаҵоу алаҵақәа Урыстәыла адагьы Китаи иаԥырҵахьеит, акомпаниа CanSino, Johnson&Johnson урҭ аденовирустә векторқәа аус рыдырулоит. Раԥхьаӡа иргыланы уи Ебола ивирус иаҿагылақәоу роуп. Урҭ аплатформақәа рдыруеит, аклиникатә ԥышәарақәа ирхысхьеит, иҭырҵаахьеит.

Уи адагьы иазгәаҭатәуп ҳара зегьы аденовирусқәа шҳалоу, аха уи иахҟьаны асоматикатә чымазарақәа аӡәгьы иаҳмыхьыцт. Уи азы аденовирустә векторқәа ауаа рцәеижь ианалало ԥырхага ирҭаӡом.

- Егьырҭ алаҵақәа ртәы ҳҳәозар, ҩынтә-ҩынтә иҟарҵақәо ыҟоуп. Иҳашәҳәа урҭ аус шыруа?

- Алаҵақәа рмилаҭтә мзар шәахәаԥшыр ижәбоит алаҵақәа знык, нас ҩынтә, хынтә ишыҟаҵатәу. Уи аиммунитет аганахьала аҿагылара бзиа ашьақәыргыларазоуп, аҿҳәара ацҵаразоуп. Ацәеижь аҟны аҿагыларақәа бзианы иаанхарц азоуп. Убри азоуп алаҵақәа ҩынтә-хынтә рыҟаҵара еиҳа изеиӷьу.

Иара убас иазгәасҭар сҭахуп аамҭалатәи аҭаҩра ашьҭахь ауааԥсыра рылаҵарақәа ҳанрылаго, уи мчыла аӡәгьы изыҟаҳҵаӡом, дарбанзаалак ауаҩԥсы ихазы иӡбоит, изҭаху иоуп иззыҟаҳҵо.

- Ахԥатәи афазаҟны иалахәхо шаҟаҩ ҟалода?

- Макьана алацәажәара ҳаҿуп, аха 30-40-нызқьҩык раҟара ҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит. Жәларбжьаратәи анормақәа ирықәшәартә ишьақәҳаргылоит зегьы.

Началась финальная стадия испытаний вакцины от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус шьақәзыртәо раԥхьатәи урыстәылатәи алаҵа хиоуп

 

- Излеиԥшыми аклиникатә ҭҵаарақәа рфазақәа?

- Актәи афаза – ашәарҭадара ахәшьара азҭо фазоуп. Уи иалахәуп 2-8-10-15, зны-зынла 20-ҩык. Аҩбатәи афазаҟны уи ахаҳара ҭырҵаауеит. Ахԥатәи афазаан аепидемиологиатә хаҳара ҭырҵаауеит. Алаҵа зларҵаз изларымҵаз раасҭа шаҟа ихьчоу еилыркаауеит.

Иазгәаҭатәуп ауаа рҟын агәаҭарақәа ирылагаанӡа аԥстәқәа - аҳәынаԥқәа, ажьақәа, амаамынқәа - рҿы иҭырҵаауеит алаҵа ахымҩаԥгашьа. Абарҭ зегьы ҳара имҩаԥаагеит.

Ахԥатәи афаза хықәкыс иамоуп зхыԥхьаӡара рацәоу хатәгәаԥхарала алаҵа ҟазҵо ауаа рҿы ашәарҭадареи ахаҳареи ахьынӡамоу ахәшьара аҭароуп. Уи заҭаху азеиԥш статистикатә дыррақәа раиуразоуп. Убри ашьҭахь ауп аамҭалатәи аҭаҩра акәымкәа есымшатәи аҭаҩра зарҭо.

- Жәларбжьаратәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара шәганахьала акритика ҟанаҵеит аҭҵаарақәа ҳәа акгьы шырымбаз. Дареи шәареи аусеицура шәыбжьаӡами?

- Апрактикаҿы ишыҟоу ала, ҳара раԥхьа Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аекспертцәа рахь инаҳашьҭуеит. Шәарҭара злам, хаҳара злоу алаҵа шҳауз анеилаҳкаалак иҟоу адыррақәа зегьы англыз бызшәахь еиҭаганы аҭҵаарадырратә усумҭақәа рырбара ҳалагоит.

Уажәшьҭа ҳара иаарласны астатиа жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә журнал ахь инаҳашьҭуеит англыз бызшәала иҩну, уи аекспертцәа-аредакторцәа ирхысроуп. Уи ҽнак-ҩымш рыла иҟамло усуп. Аха иаарласны акритика ҟазҵо ргәы хьаԥссап ҳгәахәуеит.

В Казани запустили проект по разработке вакцины от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Адунеи аҿы ираԥхьатәиу: Урыстәыла авирус азы алаҵа ԥыршәоит

- Алаҵақәа рҭыжьра шәанбалаго?

- Алаҵа мҽхакы ҭбаала аҭыжьра 2020 шықәса цәыббрамзазы ҳалагап ҳәа ҳгәы иҭоуп. 2020 шықәса анҵәамҭазы 200 миллион доза рҟынӡа ҭҳажьып ҳгәахәуеит.

РФПИ уажәы ргәы иҭоуп ахԥатәи афаза аан ихьыԥшым аекспертиза мҩаԥнагарц Урыстәыла анҭыҵ - Саудтәи Аравиа, Еиду арабтә емиратқәа, Бразилиа, Филиппинқәа рҿы, иара убас исуверентәу афондқәа змоу Индиа, Алада Кореиа, Бразилиа алархәны. Иара убас Саудтәи Аравиеи, Ҭырқәтәылеи, Кубеи алаҵа аҭыжьра азҵаара иазхәыцуеит.

20 тәыла инарзынаԥшуа азҿлымҳара аадырԥшит Спутник V аахәаразы, убри ахыԥхьаӡараҿы Саудтәи Аравиа, Индонезиа, Филиппинқәа, Бразилиа, Мексика, Индиа.

- Алаҵа ҟазҵаз рҟни акоронавирус зхызгаз рҟны авирус ацәеижьҿагылақәа рыҩаӡара шԥеиҿшәырԥшуеи?

- Аиԥшымзаара ду рымоуп. Алаҵа ззыҟарҵаз ауаҩԥсы ихы бзианы ибоит, ачымазара ихигаӡом, ицәеижь аинтоксикациа ахьӡом, уи азы алаҵа ҟазҵаз иҿы ацәеижьҿагылақәа еиҳа ирацәоуп, ичмазаҩханы изхызгаз иҟны аасҭа. Иара убас ачымазара зхызгаз иҟны ацәеижьҿагылақәа ирласны ибжьаӡуеит, алаҵақәа ҟазҵаз рҿы акыр рҽааныркылоит.

- Акоронавирус зыхьыз ауаҩы алаҵа ҟаиҵар ауама? Ԥырхага иоур алшома?

COVID-19 аҟынтә аурыс лаҵа аԥышәарақәа хыркәшоуп. Мҽхакыҭбаалатәи аҭыжьра ианбалаго? - Sputnik Аҧсны
COVID-19 аҟынтә аурыс лаҵа аԥышәарақәа хыркәшоуп. Мҽхакыҭбаалатәи аҭыжьра ианбалаго?

- Уи апроблема ахылҵуеит ҳәа узҳәом. Ҳара есышықәса агрипп аҟынтәи алаҵақәа ҟаҳҵоит, убри аан ҳачмазаҩхоит, егьи ашықәсан еиҭах алаҵа ҟаҳҵо иҟаҳымҵо ҳәа ҳҵаауама?!

Авектортә лаҵақәа рыӡбахә ҳҳәозар, урҭ ззыҟаҵаз аԥстәқәа рыԥсы еиқәхоит, ачымазара уамак ирыхьуам, алаҵа ззыҟаҵамыз аԥстәқәа ачымазара анрыхьлак иԥсуеит, ма рырԥҳақәа еиҳа ааха ду роуеит алаҵа ззыҟаҵаз рҟны аасҭа.

Уи азҵаара зцәырырго ADE-еффект акәша-мыкәша иҟоу ашәарақәа роуп. Денге илихорадка захьӡу иаҿагылаз алаҵа иадҳәалоу аҭоурых ииашаҵәҟьаны иҟан. Усҟан алаҵа ҟазҵаз уи ашьҭахь ичмазаҩхан рыԥсҭазаара иалҵит, аха акоронавирус аҿы ус иҟам, миллионла ауаа адунеи аҿы ичмазаҩхеит, аха ADE-еффект џьаргьы ирԥымлеит, Денге илихорадка аан ишыҟаз еиԥш.

ADE-аффект уахылаԥшлароуп, акоронавирус азы мацара акәым, егьырҭ алаҵақәа зегьы рызгьы. Аха ари проблема дуӡӡоуп, уи амшала алаҵа ҟауҵар ҟалом ҳәа аҳәара иашам. Уи шьақәзырӷәӷәо ҭҵаарадырратә усумҭакгьы ыҟам.

- Урыстәылатәи алаҵа анаԥышәҵоз аҳәаанырцәынтәи шәколлегацәа аӡәыр аус шәыциуазма?

- Мап, ари алаҵа Гамалеи ицентр аҟны мацара акәын иахьаԥҵаз, аҳәаанырцәтәи ҳколлегацәа аӡәгьы дадԥхьаламызт. Атехнологиа ахаҭа – адырра ҵаулақәеи аусуратә ԥышәа ҭбааи шьаҭас иамоуп. Ҳәарада, адунеи аҟны аӡәырҩы уи аус адырулоит, иҟоуп аҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭақәа рацәаны, ҳара урҭ ҭаҳҵаауеит, ҳусура иадҳәалоуп. Аха ари алаҵа аус адулара, аԥҵара, амҽхак арҭбаара - ари зегьы мҩаԥызгоз аурыс ҵарауаа роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0