COVID-19 рыдбалоуп даҽа 42-ҩык Аԥсны ауааԥсыра

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыхьхьеит 426-ҩык. Урҭ рахьтә 153-ҩык ргәы бзиахеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 3- Sputnik. Акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп 42-ҩык ауааԥсыра, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла игәаҭаз 227-ҩык рахьтә акоронавирус рыдбалоуп 42-ҩык ауааԥсыра", - аҳәоит аацҳамҭаҿы.

Уажәазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус ззышьақәыргылоу 36-ҩык ауааԥсыра. Иазгәаҭоуп хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа шыбааԥсу, жәаҩык - шыбжьаратәу. Хҩык ахәышәтәырҭаҟнытә илыҩҩауп.

Аоперштаб адыррақәа рыла, ахыԥхьакраҿы зҽызхәышәтәуаз 12-ҩык ргәы бзиахеит.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>