Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Аахыҵ Уаԥстәыла, иҭакыз Инал Џьабиев иԥсра ашьҭахь амитингқәа рымҩаԥгара иалагеит. Рмаҵзурақәа ирымхуп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр, Апрокурор хада, атәыла аиҳабыра ԥхьатәара ицеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 4 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ареспубликаҿы иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа ахьеибарххоу инамаданы. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.

Аԥсны ахада ауаԥс жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәыла аполитикатә мчқәа зегьы адиалог, апроблема ҭынчрала аӡбара ирыздырхарц Аахыҵ Уаԥстәыла уаҵәтәи аԥеиԥш лаша аиуразы.

"Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аахыҵ Уаԥстәыла ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа ахьыуадаҩхаз азы Аԥсны уа имҩаԥысуа ахҭысқәа гәҭынчымрала ирышьклаԥшуеит. Ҳара азин ҳамам аиааиреи ахьыԥшымреи рзы азеиԥш қәԥара еиднакыло ҳаиашьаратә жәлар рыҩнаҭаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳамбазшәа раҩсра", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аслан Бжьаниа агәыӷра ааирԥшит аҭоурыхтә ҟәышра ду змоу ауаԥс жәлар аибачҳара, аҳаҭыреиқәҵара аарԥшны, азинтә механизмқәа рымацара ахархәара рыҭаны иҟоу аҭагылазаашьа иалҵып ҳәа.

Ахәаша, нанҳәа 28 рзы еилкаахеит атәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу аамҭалатәи аҭақырҭаҿы иԥсҭазаара дшалҵыз иҭакыз Инал Џьабиев, иара дҭакын аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Игор Наниев ишьра аҽазышәаразы ҳәа гәҩарас дрыман. Апрокуратура ашьаус хацнаркит "Амаҵуратә зинмчра ахыԥара" ахәҭаҷ аҟазшьақәа рыла.

Аахыҵ Уаԥстәыла аиҳабыра ԥхьатәара ицеит

Иара уи аҽны, нанҳәа 28 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Цхьинвал амитингқәа мҩаԥысит. Еизаз ауаа Инал Џьабиев иԥсра аҭҵаара дҵас иқәдыргылон. Атәыла аԥыза-министр Ерик Пухаев амитингқәа ирхырҟьаны имаҵура аанижьит. Ԥхьатәара ицеит атәыла аиҳабыра реилазаара.

Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент изаамҭанытәим асессиа мҩаԥнагеит. Асессиаҿ адепутатцәаАпрокурор хада Урузмаг Џьагаев имаҵура нижьырц рыбжьы рҭиит. Ашәахьаҽны апрокуратура Џьабиев иԥсра зыхьӡ адҳәалаз рыӡбахә рҳәеит, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа быжьҩык ҭаркит. Аҩашаҽны Аахыҵ Уаԥстәыла жәибжьҩык адепутатцәа рнапынҵақәа ааныркылеит атәыла ахада Џьагаев ԥхьатәара дишьҭаанӡа.