Арадио

Возба еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭақәа ӡыла реиқәыршәаразы аусқәа ахьынӡанагоу

Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Возба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит араион ақыҭақәа ӡыла реиқәыршәара азҵаара иахьазы иахьынӡанагоу атәы.
Sputnik

 

Возба еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭақәа ӡыла реиқәыршәаразы аусқәа ахьынӡанагоу

"Иахьазы Абӷархықә ақыҭан иҟоу аӡеизгарҭа, уи иадҳәаланы Мгәыӡырхәа, Жәандәрыԥшьҟа ицо аӡымҩангага аиԥшьра иаҿуп, уамак рыгым, аха ари ашықәс иалагӡаны аусқәа зегьы зынагӡахом. Урҭ аинвестициатә программа инақәыршәаны ихыркәшахоит 2021 шықәсазы. Абӷархықә аӡеизгарҭа еиқәҳаршәоит, уи ашьҭахь Џьырхәа аӡеизгарҭа ҟаҵахоит. Арҭқәа ари ашықәс иалагӡаны иахьӡоит ҳәа агәаанагара ҳамоуп", - иҳәеит Возба.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: