АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Аҟәа ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа акарантиншьҭахь аусура иалагоит цәыббра 15 инаркны, абри атәы Аԥсныпресс иазеиҭеиҳәеит Апсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.
Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит, ахәышәтәырҭаҿы ишымҩаԥго арзҩыдара, иахьатәи аамҭазы аус шауа ПЦР-адиагностика ахьыҟарҵо ауадеи, арентгентә уадеи.
Агәабзиарахьчара аминистрраҟны ирҳәахьан, зыда ԥсыхәа ыҟам ачымазыҩцәа Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны ахирургиатә, акардиологиатә, аневролигеи атерапиеи рыҟәшақәа рҟны ишрыдыркыло.
Аминистр иажәақәа рыла, Ареспубликатә хәышәтәырҭа иатәу аполиклинакаҿы апациентцәа рыдкылара аамҭала иаанкылан, ауаа рацәа ахьеизоз иахҟьаны.
"Иҷыдоу ахырхарҭа аҳақьымцәа апациентцәа рыдыркылоит ақалақьтә поликлиника №1 аҿы. Ахәышәтәырҭа аус ауеит асааҭ 9:00 инаркны 21:00 рҟынӡа", - иҳәеит иара.
Аҟәатәи ахшараиурҭа абжьааԥнеиԥш аус ауеит, уаҟа имҩаԥгоуп асанитартә усмҩаԥгатәқәа зегьы.
Аминистрра адырраҭарала аппарат шьақәдыргылоит цәыббра 5 рзы иаразы еиҿкаау аҭыԥ аҿы. Атомограф аусура иазырхиахоит цәыббра 20-нӡа.
"Акомпиутертә томографиа аппарат аус адызуло ренгенолак заҵәык иоуп иҳамоу Аԥсны. Иара Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны аус иуеит, раԥхьатәи амшқәа рзы есҽны гәдоуҭатәи агоспиталь ахь дцалоит. Анаҩсан арентген-ҭыхымҭа ҟарҵалоит алобарант-арентгенолог, адистанциатә еимадарала ачымазараа шьақәдыргылоит аҳақьымцәа. Ас еиԥш аусура жәларбжьаратәи практикоуп", - иҳәеит Ҵахнакьиа.
Цәыббра 4 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа 466-ҩык ишрылоу аадырԥшхьеит. Урҭ рахьтә 154-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Акомпиутертә томограф Гәдоудауҭатәи ахәышәтәырҭахь инагоуп
Агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 аҿагыларазы амедицинатә маҭәахәқәа аанахәеит