Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәараҿы иалкаахеит аҵарауаа ҿарацәа 2019 шықәсазтәи иреиӷьу рыҭҵаарадырратә усумҭа. "Афольклортә текст аҩышьаԥҟара "Аԥсуа Нарҭтә епос ала" аусумҭа авторцәа Саида Ҳаџьымԥҳаи Наала Барцыцԥҳаи апремиа иаԥсахеит.
"Статиак амҽхак иҳанаҭоз алшарала аусумҭаҟны ҳазааҭгылеит аԥсуа Нарҭаа рҳәамҭақәа акьыԥхь разырхиараан ҳзықәшәоз еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа афольклортә текст анҵара, ахҩылаара иадҳәалаз. Абас еиԥш аҭагылазаашьақәа ҳанрықәшәалак, ԥҟарақәак шьақәҳаргылон ҳхазы. "Нарҭаа рҳәамҭақәа" ҳәа аа-томкны иҭыҵраны иҟоуп аусумҭа Зураб Џьапуа иредакциала. Уи зқьы инарзынаԥшуа атекстқәа агәылоуп. Убри аҟынтә џьара ԥҟарак шьақәыргыламзар узықәныҟәаша иуадаҩхоит…Аус анхҳаркәша, статиак алҳхыртә ишыҟаз ҳбеит, уимоу, иалҳамхызҭгьы ирыцҳахон, аматериал нхон, даҽазны азыхынҳәра цәгьахон. Усҟан аицлабра ҟалоит ҳәа аӡбахәгьы ҳмаҳацызт, иагьыҟамызт. Статиак аҳасабала акьыԥхь иазҳархиап, имыӡып, инхап ҳәа ахықәкы шьҭаҳхит, уи иалҵшәахаз ауп", - лҳәеит Ҳаџьымԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.