Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны 36-ҩык акоронавирус рыдбалоуп

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа 502-ҩык ишрылоу аадырԥшхьеит. Урҭ рахьтә 157-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы игәаҭан 189-ҩык ауаа, урҭ рахьтә ари адиагноз 36-ҩык ирзышьақәыргылан ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Уажәазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус ззышьақәыргылоу апациентцәа 41-ҩык. Урҭ рахьтә ааҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп, 11-ҩык - ибжьаратәуп.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтәи рҽыхәышәтәны илырҩааит х-ҩык апациентцәа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>