Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит цәыббра 9 рзы

Амуниципалтә унитарнтә наплакы "Аӡыканал" Аҟәа ақалақь асасааирҭа "Риҵа" аҵакыраҿы цәыббра 9 рзы аремонттә усурақәа мҩаԥнагараны иҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 9- Sputnik. Аҟәа аӡрыжәтә аанкылахоит ахаша, цәыббра 9 рзы асааҭ 00:00 инаркны 20:00 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Ӡыда иаанхоит ақалақь араионқәа: Колос, авокзал, Адыгаа рымҩа, ВИЕМ, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи, аџьармыкьа.

Иазгәаҭоуп аремонт Аҟәа ақалақь ахадара амчала ишымҩаԥго.

Уаанӡа АУН "Аӡыканал" Sputnik иазеиҭанаҳәахьан Аҟәа ақалақь аҿы аӡы лассы-лассы идмырцәаларц азы комплексла аӡымҩангагақәа зегьы рыԥсахроуп. Уахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәагьы, аӡеизгарҭақәагьы, аӡымҩангагақәагьы.