АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Аҟәа, Воронов имҩа аҩны №7 аҩналарҭақәа ҩба рҟны арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.
"Ҳара аминистрраҟынтә ашәҟәы ҳзаарышьҭит абри аҩны аҩналарҭақәа ҩба арзҩыдара рзыҟаҳҵарц. Иацы ҳадҵа наҳагӡеит. Актәи аихагыла инаркны ажәбатәи аихагылаҟынӡа, и ара убасгьы адәаҿы игылаз атәарҭақәагьы рырзҩыдара мҩаԥаагеит", - иҳәеит Кәыҵниа.
Ишьақәыргылам адыррақәа рыла ара инхо ԥшьҩык ауаа COVID-19 рыдбалан.
Аԥсны АҶА асаит аҿы иазгәаҭоуп арзҩыдара шрызуыз аихагылақәа жәбеи аҩны иаԥну аҵакыреи. Аусурақәа мҩаԥыргон хәҩык аусзуҩцәа.
Аматериал акьыԥхьраан Аҟәа ақалақь асанитартә ҳақьым аиҳабы Алла Белиаева аҭагылазаашьа ахҳәаа аҭара мап ацәылкит.