Арадио

Аџьба ауааԥсыра нхарҭаҭыԥла реиқәыршәара апрограммазы: аусура даҽа шықәсык инахахоит

Аԥсны ауааԥсыра нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы аус зуа апрограммақәа апандемиа анырра ӷәӷәа шанаҭаз атәы арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Аџьеи, аусурамазаареи, асоциалтә еиқәыршәаразы аминистр Руслан Аџьба.
Sputnik
Аџьба ауааԥсыра нхарҭаҭыԥла реиқәыршәара апрограммазы: аусура даҽа шықәсык инахахоит

"Апандемиа иахҟьаны апрограммақәа русура аамҭала иаанкылоуп, арзаҳалқәа ирыхәаԥшуа акомиссиа аус ауӡом, ауада рыҭатәуп ҳәа алкаа ҟазҵо, аха убри аан арзаҳалқәа ҳадаҳкылоит. Ари ашықәс азы имаҷӡам арзаҳалқәа алазҵахьо, ирацәаҩуп иааины иазҵаауагьы рус ахьынӡанеихьоу ҳәа, аха аҭагылазаашьа шыҟоу анеиҭаҳҳәалак, еилыркаауеит. Сынтәатәи ашықәс иалагӡаны ацхыраара аӡәгьы иоуӡом. Арҭ апрограммақәа хышықәса ҳәа иҳадкылан, убри аҟнытә сынтәатәи ашықәс аус ахьамуз азы, даҽа шықәсык наҟ ҳнахоит, 2021-тәи ашықәс азы иара хыркәшахозҭӷьы, уажәы 2022-тәи ашықәс аангьы инаҳагӡалоит", - еиҭеиҳәеит Аџьба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: