Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит анхарҭатә программа хра аман иахьынӡаҟоу аҭҵааразы

CC0 / / Ключи в дверном замке
Ключи в дверном замке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра рхада рашәара 3 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит анхараз ауадаҩрақәа змоу  атәылауаа рсоциалтә дгылараз асоциалтә зҵаарақәа ирызкны.

АҞӘА, рашәара 4 – Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб анхараз ауадаҩра змоу атәылауаа рыдгыларазы аҳәынҭқарратә программа адокументқәа ҭиҵааит, Асоциалтә еиқәыршәаразы аминистр инапы ианиҵеит урҭ хра рыманы иахьынӡаҟоу ахәшьара аиҭарц, ԥхьаҟа рынагӡаразы. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Уи адагьы аиҳабыра рхада анапынҵа ҟаиҵеит аекономикатә ҭагылазаашьа ашәарҭара ианҭагылоу аамҭазы ари апрограмма аԥаразоужьра шаанкылоу азы адырра рыҭазарц уи иазыԥшу ауаа.

Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы аминистр Руслан Аџьба  аԥыза-министр иирдырит 2019 шықәса рзы "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа хаз игоу ркатегориақәак нхарҭала реиқәыршәаразы" апрограмма инақәыршәаны 49 рзаҳал рҟынтәи 12 ҵоураны ишрыдыркылаз, жәеиза ҭаацәара рзы ауаҭахқәа аҳәынҭқарра ишаанахәахьоу.

Руслан Аџьба  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аџьба иҳәеит Аԥсны нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы апрограмма иаҵанакуа акатегориақәа

Апрограмма "Анхарҭа–2021" инақәыршәаны, 2019 шықәса рзы 318 рзаҳал ыҟан. Урҭ рҟынтәи 42 рзаҳал анагӡараз иақәшаҳаҭын. Абас ала 2019 шықәса рзы анхарҭаҭыԥ иазгәаҟуаз 54 уада рзаахәан.

Апрограмма "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа хаз игоу ркатегориақәак нхарҭала риеқәыршәаразы" аҳәаақәа ирҭагӡаны анхарҭаҭыԥ роур алшоит: I-тәи агәыԥ аинвалидцәа, 1992-1993 шықәсазтәи аибашьра I-тәи агәыԥ аинвалидцәа, 1992-1993 шықәсазтәи аибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа,  змаҵуратә напынҵақәа рынагӡараан иҭахаз рҭаацәарақәа, хабарда ибжьаӡыз рҭаацәарақәа, ԥшьҩыки ԥшьҩык инареиҳани ахшара измоу аҭаацәарақәа.

Апрограмма "Анхарҭа-2021" иазыԥхьагәанаҭоит ишәоу аԥара архынҳәра. Иарала анхарҭаҭыԥқәа роур ҟалоит: 1992-1993 шықәсазтәи аибашьра II-тәи агәыԥ аинвалидцәа, хҩыки хҩык инареиҳани ахшара змоу, ахәыҷы аинвалид дызмоу.

2020 шықәса рзы арзаҳалқәа рыдкылара аанкылоуп аԥаразоужьра аҭагылазаашьа аԥкра иахҟьаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0