Аԥсуа қәԥаҩы Хабиб Нурмагомедов иаб игәалашәара иазку атурнир далахәхоит

Еилаԥсоу ақәԥаразы атурнир, аԥсуа қәԥаҩы Ҭимур Акаба дызлахәу мҩаԥгахоит цәыббра 9 рзы, Москва.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik. Аԥсуа спортсмен Ҭимур Акаба Хабиб Нурмагомедов иаб Абдулманап Нурмагомедов игәалашәара иазку атурнир далахәхоит ҳәа аанацҳауеит Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы Facebook адаҟьаҿы.

Ҭимур Акаба абжьаралас акапан аҿы диндаҭлоит Хасан Магомедшарипов.

Аԥснытәи аспортсмен–апрофессионалтә ММА аҟны ддебиутантуп. Иара ҩынтә аиааирақәа игахьеит, зныкгьы даҵамхацт. Атурнир "Матч!ТВ" ишиашоу ицо аефир ала иддырбоит, асааҭ 22:25 рзы.

Абдулманап Нурмагомедов – асоветтә, урыстәылатә спортсмен, азыҟаҵаҩ, СССР аспорт азҟаза зых иақәиҭу ақәԥаразы. Украина дзиудои самбои рзы ачемпион. Хабиб Нурмагомедов иаб, иазыҟаҵаҩ.