Аҟәа ақалақь аҿы хаҵак иԥа диеихсын, нас ихаҭа иҽишьит

Апрокуратура аусзуҩцәа ахҭыс ахьыҟалаз Аҟәа, Гәымсҭатәи амҩаҿы игылоу аҩнеихагыла иаҭааны иҭырҵааит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Ш. Џьыкырбеи иԥеи ирыбжьалаз аимак аан хынтә иԥа, А. Џьыкырба автомат "Калашников" ала диеихсит. Абри ашьҭахь ихаҭа иҽишьит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Ахҭыс ҟалеит цәыббра 9, асааҭ 11:00 рзы Аҟәа, Гәымсҭатәи амҩаҿы. Иазгәаҭоуп ахысра зламҩаԥгаз автомат ашәҟәы иҭагалаӡамызт ҳәа.

А. Џьыкырба Ареспубликатә хәышәтәырҭа ареанимациатә ҟәшахьы днаганы аоперациа изыҟарҵоит. Иҭагылазаашьа акыр ихьанҭоуп.

Аҟәа ақалақь апрокуратура аусҭҵаара мҩаԥнагоит, аҭыԥ аҿы ирбеит абџьари иҭҟьаз апатронақәа ԥшьбеи. Агәаҭара ахыркәшара ашьҭахь апроцессуалтә ӡбамҭа рыдыркылоит.