Даҽа 21 чымазаҩ: Аԥсны акоронавирус хҭыс ҿыцқәа азгәаҭоуп

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит ҳәа иаарԥшу 557-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 158-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, хәҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Акоронавирус адиагноз азы игәаҭаз 73-ҩык рахьтә 21 иҿы ачымазара азгәаҭоуп, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус ззышьақәырӷәӷәоу 53-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп, 11-ҩык - ибжьаратәуп.

Аоперштаб ауааԥсыра иргәаланаршәоит акоронавирус шрылам зҳәо анализқәа рзы ПЦР-диагностика иазку аинформациа абри аҭел ала еилыркаар шрылшо: 222 56 41.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачҳара аадырԥшырц, еилыркаарц ареспубликатә санитартә-бактериологиатә лабораториа алшарақәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>