Арадио

Гәынба аицлабра "Аԥсны афокус аҿы" азы: аԥсуаа рыбзазашьа ацәыргара сыгәҭакын

Афотоеицлабра "Аԥсны афокус аҿы" иалкаахаз аусумҭа автор, ажурналист, адырраҭара "Ажәеиԥшьаа" автор Адгәыр Гәынба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аицлабрахь инаишьҭыз аусумҭақәа рахьынтә иалкаахаз, уи зызку.
Sputnik
Гәынба аицлабра "Аԥсны афокус аҿы" азы: аԥсуаа рыбзазашьа ацәыргара сыгәҭакын

Жәларбжьаратәи афотопроект "Аԥсны афокус аҿы" аицлабра ахԥатәи аетап ала ихыркәшахеит.

"Алаҳәара асоциалтә даҟьаҿы ианызба саргьы схы аласырхәит, хықәкысгьы исыман аԥсуа рыбзазара, рынхашьа-рынҵышьа, рмилаҭтә цәа ацәыргара. Ари аетап аҟны афотоҭыхымҭақәа ҟаҵан Хәаԥаа рышьха ҳаракқәа рҿы. Арахәааӡаҩцәа срыцныҟәон, убра иубаратәы иҟоуп аԥсуа цәа зхоу аепизодқәа. Убарҭ сышьҭит аицлабрахь. Иаиааиз афотосахьаҿы иануп ачуанқәа ажәҩан иалакнаҳаушәа", - иҳәеит Гәынба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: