Шьхацан иацу абарақьаҭра: Оҭраа рҭаацәара Ҽхы аҳаракыраҿы ртәарҭа иазкны

© Foto / Наала ГумбаШьхацан иацу абарақьаҭра: Оҭраа рҭаацәара Ҽхы аҳаракыраҿы ртәарҭа иазкны
Шьхацан иацу абарақьаҭра: Оҭраа рҭаацәара Ҽхы аҳаракыраҿы ртәарҭа иазкны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьха ҳаракыра Пыв иахьаҵанакуа 50 шықәса раахижьҭеи зырахә хазгало, уа атәарҭа змоу, ахш-хырҵә аҭыԥан иҟазҵо Иван Оҭырба иашьцәеи иареи шьхацан рыбзазашьа атәы ҳзеиҭалҳәоит уи зыблала иаҭааны избаз Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа.

Аԥсны аԥсабара, ашәаԥыџьаԥ, аҳауа цқьа... Угәаҵанӡа уеимнадоит уи иацу ахаареи аԥшӡареи ублала ианубо. Ашьха ақәцә Пыв ҳәа иахьашьҭоу уанхало, уи амчи, агәеисыбжьи уныруеит, ҽакала аҳауа лбааудоит. Амҩа уахьынӡақәу убла хыркуеит абахә ҳаракырақәа, урҭ "шәҳахьчоит" рҳәозшәа рыгәҭа убжьакны уҭыԥ аҟынӡа ҩызара узыруеит.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Ашьха ҳаракыра Пыв абар шьҭа 50 шықәса ҵуеит шықәсык бжьамыжькәан ихалоижьҭеи Аацы ақыҭа инхо Иван Оҭырба иашьцәеи иареи. Рашәара анҵәамҭазы арахә рыманы ашьха ицоит, цәыббрамза аҽеиҩшамҭаҟынӡа арахә ашьха иҳәуеит.

Амҩа ҳақәлеит хҽеидкыланы, ҳамҩаныфа ҳаманы. Ашьха иатәу амаҭәа ԥхақәа шьҭаҳхит. Зегьы ргәалаҟазаара бзиан, амашьына иҭыҩуаз аԥсуашәа хаа угәы азнарҳуан. Аԥсабара уаршанхон, абахә ҳаракырақәа, ахаҳә дуқәа, ашәаԥыџьаԥ - урҭ зегьы убла хыркуан.

© Foto / Наала ГумбаАбахә ҳаракырақәа убла хыркуеит
Шьхацан иацу абарақьаҭра: Оҭраа рҭаацәара Ҽхы аҳаракыраҿы ртәарҭа иазкны - Sputnik Аҧсны
Абахә ҳаракырақәа убла хыркуеит

Риҵа ҳазааигәахо ҳаналага, иаҳнырит ахьшәашәара. Уаҟа ҳаанҿасит, аӡиа иаҵәа хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа адеизаланы рфотосахьақәа ҭырхуан, шьоукы ҿымҭ аӡиа ихыԥшылон, рылаԥш рзаҟәымҭхо ашьха иаҿаԥшуан. Агәаларшәагатә фотосахьақәа анҭаҳх ашьҭахь, ҳамҩа иацаҳҵеит.

Аиҳабацәа амҩа ҳахьынӡақәыз еиҭарҳәон еиуеиԥшым ажәабжьқәа, агәалашәарақәа, ашьха аҵасқәа, аԥҟарақәа ирызхьаԥшуан. Ауадҳара ҳхалеит, уаҟа аӡы агьама ҳбеит. Амҩа ҳақәын х-сааҭк инацны. Ҳҭыԥ ахь ҳнеиаанӡа, ҳхалеит ашьхаҳаракыра Пыв. Уахь игоу амҩа даара иԥшӡоуп, ашьха агәҭаҵәҟьа уҭаԥшуа ухалоит. Иҩычоуп еиуеиԥшым аҵиаақәеи ашәҭқәеи рыла.

© Foto / Наала ГумбаПыв ашьхахыҵырҭа
Шьхацан иацу абарақьаҭра: Оҭраа рҭаацәара Ҽхы аҳаракыраҿы ртәарҭа иазкны - Sputnik Аҧсны
Пыв ашьхахыҵырҭа

Аҳаракырахь ихалоит аекскурсиатә машьына маҷқәа, аԥсшьаҩцәа ҭартәаны. Аҽқәа рҽырхианы ирзыԥшуп, урҭ амҩа хара иқәлараны иҟоуп, Быжьӡиак ркаршәрахь ихаргалоит.

Абарҭ аԥшӡарақәа зегьы баны, ҳдәықәлеит ԥхьаҟа. Амҩа ҳахьықәыз аԥшәмаԥҳәыс Римма Гәымԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит ахьаа зцу илхамышҭуа агәалашәарақәа ртәы. Уи атәы дазааҭгыло, Римма илҳәоит:

Поездка на Рицу и Ауадхару - Sputnik Аҧсны
Ашьхараҿы аԥсшьара: аԥхынтәи Ауадҳара аԥшӡара

"Иахьеиԥш исгәалашәоит аибашьра аналагаз амш. Усҟан ҩыџьа схәыҷқәеи, санхәеи, сабхәеи ашьха иҟан. Сабхәындацәа ҩыџьа аҭаацәара иаламлацызт, аҭаацагара ҳҽазыҟаҳҵон аҩныҟа. Август 13 рзыҳәан сабхәындеи сареи иҳаӡбеит ахәыҷқәа рахь ҳхаларц, иаҳбарц. Сабхәа ҳаниба, иҳаиҳәеит лымҳаҭасла ишиаҳаз ақырҭуа рхықәкы шҽеим атәы. Сабхәында иаб игәы ҟаиҵеит, уахь ҭынчроуп, акагьы ыҟам ҳәа иеиҳәеит. Ҳҭаацәа баны адырҩаҽны, август 14 рзы, аҩныҟа амҩа ҳақәлеит. Гәдоуҭа ҳазааигәахон еиԥш, арратә база аҟнытә аԥсуа ҷкәынцәа абџьар еимҵәаны агара иаҿын. Убасҟан ауп ианеилаҳкааз аибашьра ишалагаз атәы. Иаразнак ахәыҷқәа ҳәа сгәы кыдшәеит. Сабхәында аҩны сныжьны, иара шьҭахьҟа амҩа дықәлеит аҭаацәа ашьхантә рылбаагаразы. Усҟантәи сцәанырра аҳәара уадаҩуп. Ахәыҷқәа рандуи, рабдуи, дареи еибганы илбаар акы шысшьуа ҳәа аҿаҭахьы сықәысҵеит. Анцәа иџьшьаны, еибга-еизҩыда илыбааит. Сабхәында рыцҳа дҭахеит ииультәи ажәылараан, 1992 шықәсазы", - ҳәа лылабжыш лызнымкыло илгәалашәоит Римма.

© Foto / Наала ГумбаИван Оҭырбеи иԥшәмаԥҳәыс Римма Гәымԥҳаи
Шьхацан иацу абарақьаҭра: Оҭраа рҭаацәара Ҽхы аҳаракыраҿы ртәарҭа иазкны - Sputnik Аҧсны
Иван Оҭырбеи иԥшәмаԥҳәыс Римма Гәымԥҳаи

Ус ҳанхарҭа ҭыԥ аҟны ҳанааи, даҳԥылеит аԥшәма Роман Оҭырба. Уи ихы-иҿы ихаччо, "бзиала шәаабеит"  ҳәа аԥсшәа ҳаиҳәеит. Ҳҽааиҭакны, афатә архиара ҳалагеит. Амаҵурҭа ҳаныныҩнала, аԥхарра ҳцәа ианырит. Аԥсуа мца хааӡа еиқәын, иахылҵуаз алҩа даҽа дунеи ҿыцк узаанартуан. Аԥшәмаԥхәыс Римма Гәымԥҳа иаразнак ачуан азна аӡы архнышьна инкналҳаит, абысҭа аура напы алыркит. Аԥшәма хаҵа ажьҵаа аӡра далагеит. Ажәакала, ашьха аҭаара ныҳәак иаҳзаҩызахеит. Абриаҟара аамҭа амҩа ҳшықәызгьы, ҳааԥсара зегьы ааҳхашҭит абахә ҳаракырақәа ҳарҿаԥшуа ҳанынатәа.

Аҭаацәа ҵасс ирымоуп, ашьха ихалаанӡа, ӡиас хәыҷык азааигәара иааҭгыланы Анцәа имҵаныҳәоит, амҩа алԥха, ашьха алԥха роурц азыҳәан иҳәоит. Нас ауп рымҩа иацҵаны иандәықәло. Ашьха агәыблыра ркит ианыхәыҷыз аахыс. Уи иаҵоу аҵасқәеи аԥҟарақәеи ирықәныҟәоит иахьа уажәраанӡа. Рабдуцәа, рабацәа ирҿырҵаахьоу акәамаҵамақәа рацәоуп. Раԥхьаӡатәи ашьха аҭаара аҭоурых дазааҭгылеит Иван Оҭырба:

Ашьхацамҩа - Sputnik Аҧсны
"Мҩахәасҭала ахрақәа рахь" – Аԥсҭа ианҭало имҩаԥырго аныҳәара

"Раԥхьаӡа акәны ашьха саҭааит 13 шықәса анысхыҵуаз, 1972 шықәсазы. Усҟан шьапыла мацара акәын ҳашхалоз. Ақыҭа Аацы ҳҩалсны, аӡиас Ааԥсҭа ҳнырны, Хабҩы ақыҭа ҳҭаланы, "Аҭырқәа ихылԥа" ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ ҳаҵсны аӡиас Бзыԥ ҳаруан. Уаантәи ақыҭа Ԥсҳәы ҳҩалалон, нас ашьшьыҳәа ҳҭыԥ ахь ҳаҩхалон. Ҳаицын хәҩы-фҩы ауааԥсыра. Амҩа ҳақәхон ԥшьба-хәба мшы. Арахә мыццакӡакәан иҳәуан, абахә ианаҿалоз илбаацатәын, амҩа дырбалатәын. Убри азыҳәан мшыла амҩа ҳақәхалон. Хәылбыҽхала амца ааиқәҵаны ҳнатәон, ҳаиҳабацәа ирҿаҳҵаауаз рацәан. Иаҳзеиҭарҳәон ашьхаҟны ҳхымҩаԥгашьа, хцәажәашьа ҳшацклаԥшшаз атәы. Ашьха аҭыԥхьыӡқәеи, агыгшәыг рыхьыӡқәеи уҳәар ҟаломызт, урҭ зегьы ирыман рхатәы ҷыда хьыӡқәа. Ажәа аимакрагьы ҟаломызт, "ага ҳлеир еилҳаргап" рҳәон, уи ала аамҭала рҭыӡшәа аҭыԥ иқәырҵон", - ҳәа дазааҭгылоит Иван Оҭырба.

© Foto / Наала ГумбаАрахә рҳәырҭа
Шьхацан иацу абарақьаҭра: Оҭраа рҭаацәара Ҽхы аҳаракыраҿы ртәарҭа иазкны - Sputnik Аҧсны
Арахә рҳәырҭа

Усҟантәи аамҭазы аколнхарақәа аныҟаз аан, иахьуҭаху аҭыԥ алхны, урахә уманы атәара ҟаломызт. Еиҿкааны ирыман аколхоз фермақәа, урҭ ирԥырхагамхарц азыҳәан анхацәа рырахә рыманы аҩада ихаланы иԥхьон.

"Уаанӡа, сара санмаҷыз, исгәалашәоит ибзианы Аӡмаска ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ аҟны акәын аанҿасырҭас иахьҳамаз. Уи аҭыԥ аҟны ҩба-хԥа шықәса ҳаҟан, аха амшәқәа ҳԥырхагахо ианалага, Мыркатылҭыԥ ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ ахь ҳалбааит. Ус аамҭа акыр анца, Асовет Еидгыла анхыбгала, аколнхарақәа анаԥыхха, нхарҭас иалаҳхит иахьа уажәраанӡа ҳахьыҟоу аҭыԥ. Ҽхы ахьӡуп ари аҭыԥ", - ҳәа игәалашәарақәа дырзааҭгылоит Иван.

© Foto / Наала ГумбаАшьхақәа рҿы ҽыла аныҟәара
Шьхацан иацу абарақьаҭра: Оҭраа рҭаацәара Ҽхы аҳаракыраҿы ртәарҭа иазкны - Sputnik Аҧсны
Ашьхақәа рҿы ҽыла аныҟәара

Ишаҳәшаҳәуа еиқәуп аԥсуа мца, архнышьна иахакнаҳауп ачуан, хыхь иԥхаҵәы-ԥхаҵәуа ашәхақәа ирыҵасуеит алҩа. Иҟаԥшьҟәаҟәараӡа ашәырҩеи ашәчырҳәқәеи рыфҩы уамҽханакуеит.

Иахьа Оҭраа рҭаацәара барақьаҭ ҭаацәароуп ҳәа рзуҳәар алшоит. Иван иашьа Роман дшәарыцаҩ бзиоуп. Ашәарыцара иаҵоу амаӡақәа зегьы еилкааны, еилырганы дрықәныҟәоит. Ашьыжь шәарыцара данцо аҭаацәа зегьы фырџьанк азна арыжтә аанкыланы, "Ажәеиԥшьаа дузылԥхааит" ҳәа дныҳәаны, амҩа дықәырҵоит.

Есышықәса аишьцәа рҳәоу еиқәыршәаны, рырахә рыманы ашьха ҳаракыра ихалоит. Урҭ ҩызара рзылуеит, ахәышҭаара амаҵ азылуеит Иван иԥшәмаԥҳәыс Римма Гәымԥҳа. Ашьхаҟны арахә рхылаԥшра, ахәышҭаара азааԥсара атәы иацу аџьабаа дазааҭгылоит аԥшәмаԥҳәыс.

"Ҳазшаз еснагь иҭабуп ҳәа иасҳәоит агәабзиареи амчи ҳаманы, есышықәса ашьха ҳаракыра ҳаҭаартә еиԥш алшара ахьҳаиҭо. Сара 35 шықәса ҵуеит шықәсык бжьамыжькәан ашьха схалоижьҭеи. Уи шьҭа сара исынхарҭоуп, исыԥсҭазаароуп. Сыԥшәмеи сабхәындеи изласылшо ала срывагылоуп. Исгәалашәоит шықәсык зны, ҩыџьа схәыҷқәеи сареи, сыԥшәмеи арахә ҳаманы ашьха ҳаҟан. Шәарыцара дахьцаз сыԥшәма мчыбжьык дзымааит. Иҟасҵахуаз, мчыбжьык сымала жәохә хы арахә схьон, еилсыргон. Уи аџьабаа иацу уақәшәаанӡа иузеилкаауам", - лҳәоит Римма.

Ашьха иамоуп иара ахатәы мчы. Араҟа ихырхуа ашә даҽакала иҟоуп, ахәша алыжжуа, ибарақьаҭны. Амра агылара аҽаныназнакуа еиԥш, уи ашара иацгылоит аишьцәа Ивани Романи Оҭраа. Урҭ рныгақәа рыманы ажәгәар ахь рҿынархоит.

Убри аамҭазы аԥшәмаԥҳәыс Римма лычуан ырмазеины, араӡага азырхианы дырзыԥшуп. Ахш рыманы ианааилак, илраӡоит, анаҩс ацыр наҭаны дазыԥшуеит. Шьҭа иакит анылгәахәалак, амца маҷ аҟны ачуан нахаргыланы, ашә ахыхра далагоит. Ашә ыркәымпылны, ачуан иҭымхкәа, ус ахыз ишӡаау инлыжьуеит. Ашә уа ишҭоу иҵәыԥсуеит, нас иааҭыхны, ихыхны аилаҵара дҩалагоит.

© Foto / Наала ГумбаИван Оҭырба ажә ихьоит
Шьхацан иацу абарақьаҭра: Оҭраа рҭаацәара Ҽхы аҳаракыраҿы ртәарҭа иазкны - Sputnik Аҧсны
Иван Оҭырба ажә ихьоит

Ҳәарада, уи џьабаауп, аха аԥшәмаԥҳәыс Римма еснагь лхы-лҿы лхаччоит, ааԥсарак лнубаалом.

"Сара иансаамҭаз акырынтә аҳәаанырцә сцахьан, депутатс Асовет Еидгыла аан акыр шықәса аус зухьеит, аха уи зегьы аамҭа иазынхеит. Иахьа сызҿу аус сгәы аладууп. Ашьха алԥха еснагь исыцуп, амч сынаҭоит. Абахә ҳаракыра санаҿаԥшуа, сааԥсара зегьы агозшәа, схы-сгәы аасханаршҭуеит", - лҳәоит Римма Гәымԥҳа.

Ашьыжь уаныҩагыло имбац аӡаӡа ацыԥхьқәа аԥша еимнадоит. Абахә ҳаракырақәа амра ашәахәақәа рықәыԥхоит, ус-ус абахә зегьы аалашоит. Аҳауа цқьа хьшәашәаӡа урԥҳақәа ирҭысны уааимнадоит, уԥсыԥ ласӡа иааивугоит.

Абас иҟоуп ашьха аԥсҭазаара, знык уаҭааны иануба нахыс иуҩызахоит, еиҭах аҭаара уазхьаауа уалагоит. Аха цәыббрамза аҽеиҩшымҭаз араҟа ԥшәымара ауеит асы бымбыл. Усҟан Пыв "иааиуа ҳаиқәшәаранӡа" аҳәозшәа, асы шкәакәа аҽҭаршәны аԥхын ааира иазыԥшуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0